Софиа Боџьгуаԥҳа Пекин имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аицлабраҿы 26-тәи аҭыԥ аанылкылеит
18:36 17.11.2025 (ирҿыцуп: 18:57 17.11.2025)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik. Софиа Боџьгуаԥҳа Пекин имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аицлабраҿы 26-тәи аҭыԥ аанылкылеит.
Аԥсны асахьаркыратә гимнастика Афедерациа ахада Гәында Кәарҷиаԥҳа Sputnik иазеиҭалҳәеит 30-тәыла рхаҭарнакцәа Beijing Top Open-2025, "Небесная грация" рхы аладырхәит ҳәа.
"Арҭ аицлабрақәа рыҩаӡара ҳаракуп, Аолимпиатә хәмаррақәа ирыҿурԥшыртә еиԥш аҟынӡа. Софиа ампыл, ауалырмаҟа, абулава рыла лқәгыларақәа рзы абаллқәа лоуит. Егьырҭ аицлабра алахәылацәа зегьы хышықәса рыла дреиҵбын, аха Китаи, Мексика, Колумбиа, Германиа, Еиду Арабтәи Аемиратқәа рҟынтәи аспортсменкацәа дыриааит", — лҳәеит лара.
Атурнир Китаи аҳҭнықалақь аҿы абҵарамза 12 инаркны 14 рҟынӡа имҩаԥысуан, 30 тәыла рҟынтәи 200 рҟынӡа аспортсменцәа алахәын.
Жәашықәса зхыҵуа аспортсменка академиа "Небесная грация" ахьӡала дықәгылон, избан акәзар Аҟәеи Пекини рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылаӡам. Аспортсменка лыкрыфара, лынхарҭа, лымҩатә харџьқәа зегьы академиа ахахьы иагеит.