https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/13677
Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан ашкол ахыб рыԥсахит
Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан ашкол ахыб рыԥсахит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан ашкол ахыб рыԥсахит. 18.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-18T17:20+0300
2025-11-18T17:20+0300
2025-11-18T19:13+0300
sputnik аԥсны
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/12/1059132611_0:40:800:490_1920x0_80_0_0_6dd420d58918b113dbd583d436a0dd42.jpg
АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан ашкол ахыб рыԥсахит.Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба аусурақәа рцашьа гәеиҭеит. Аргылаҩцәа 1600 метр ԥшьыркца ахыб рыԥсахит. Ақыҭа ауааԥсырагьы ацхыраара ҟарҵеит асахьаҭыхратә студиа аиҭашьақәыргылараҿгьы."Аҳәынҭқарра ас еиԥш аусурақәа рынагӡара ауалԥшьоуп. Аха ақыҭа иалҵыз ауааԥсыра уи рхы аналадырхәуа, даара угәы иахәоит, иагьырҽхәаԥхьыӡуп", ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.Аҳәынҭқарра ахада анапынҵа ҟаиҵеит ашкол аҿы аԥсуа бызшәа ауада аремонт азыруразы, иара убас, ақыҭа амҩа хада адгьылҳәазара иахҟьаны ишәарҭан иҟоу ахәҭа аремонт ҟарҵарц.Ҟәланырхәа ақыҭан хышәҩык рҟынӡа ҭаацәара нхоит. Уа ҩ-школк ыҟоуп, уажәы аремонт ззыруыз ашкол аҿы 18-ҩык аҵаҩцәа аҵара рҵоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/12/1059132611_47:0:754:530_1920x0_80_0_0_3498209ff6f02025c8e2b45801405d65.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа
Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан ашкол ахыб рыԥсахит
17:20 18.11.2025 (ирҿыцуп: 19:13 18.11.2025) АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан ашкол ахыб рыԥсахит.
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба аусурақәа рцашьа
гәеиҭеит.
Аргылаҩцәа 1600 метр ԥшьыркца ахыб рыԥсахит. Ақыҭа ауааԥсырагьы ацхыраара ҟарҵеит асахьаҭыхратә студиа аиҭашьақәыргылараҿгьы.
"Аҳәынҭқарра ас еиԥш аусурақәа рынагӡара ауалԥшьоуп. Аха ақыҭа иалҵыз ауааԥсыра уи рхы аналадырхәуа, даара угәы иахәоит, иагьырҽхәаԥхьыӡуп", ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
Аҳәынҭқарра ахада анапынҵа ҟаиҵеит ашкол аҿы аԥсуа бызшәа ауада аремонт азыруразы, иара убас, ақыҭа амҩа хада адгьылҳәазара иахҟьаны ишәарҭан иҟоу ахәҭа аремонт ҟарҵарц.
Ҟәланырхәа ақыҭан хышәҩык рҟынӡа ҭаацәара нхоит. Уа ҩ-школк ыҟоуп, уажәы аремонт ззыруыз ашкол аҿы 18-ҩык аҵаҩцәа аҵара рҵоит.