https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/13695
Ҭеваз Ачба: 153 гектар шықәсырацәалатәи ашәырбаҳчақәа реиҭаҳара азԥхьагәаҭоуп
Ҭеваз Ачба: 153 гектар шықәсырацәалатәи ашәырбаҳчақәа реиҭаҳара азԥхьагәаҭоуп
Sputnik Аҧсны
Ақыҭауаа еиҳа ирҭаху заа, цәыббрамзазы иҟало ауп, избанзар урҭ економикала еиҳа ифеидоуп. 19.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-19T13:20+0300
2025-11-19T13:20+0300
2025-11-19T14:26+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/12/1053826339_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_19a7e9379b83168578ff23c8fcfeee83.jpg
АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. 2025 шықәсазы апрограмма "Ақыҭанхамҩа аҿиара" аҳәаақәа ирҭагӡаны 153 гектар шықәсырацәалатәи ашәырбаҳчақәа реиҭаҳара азԥхьагәаҭоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра агроном хада Ҭеваз Ачба."Сынтәа апрограмма алахәылацәа 20 нызқь инареиҳаны ацитрустә ҵиаақәа реиҭаҳатәқәа рыҭоуп. Зынӡа 98 нызқь шьаҭа аиҭаҳатә аҿаҵан, урҭ рҟынтәи 50 нызқь ацитрусқәа", — иҳәеит Ачба.Иара иажәақәа рыла, ақыҭауаа еиҳа ирҭаху заа, цәыббрамзазы иҟало ахкы, избанзар урҭ економикала еиҳа ифеидоуп.Апрограмма инақәыршәаны, 20 000 шьаҭа аӡахәа аиҭаҳарагьы иазԥхьагәаҭоуп. 2021 шықәса инаркны Аԥсны ашәырбаҳчақәеи аӡахәаҭрақәеи рзы иааидкыланы 291 гектар ақәаарыхратә дгьыл ҿыцқәа ахархәарахь ирыҭоуп.Иара убас, 2021 шықәса аахыс "Ақыҭанхамҩа аҿиара" апрограмма 600 миллион мааҭ азоурыжьхьеит ҳәа адырра ҟаиҵеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ Ҭеваз Ачба Ауаажәларратә палатаҿы имҩаԥысуаз аилатәараҿы.Аҳәынҭқарратә программа аусура иалагӡаны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла 1100 инареиҳаны апроектқәа рыхәаԥшреи рышьақәырӷәӷәареи мҩаԥган.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/12/1053826339_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_667fc74247b3f73ebb726d0393bd9775.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Ҭеваз Ачба: 153 гектар шықәсырацәалатәи ашәырбаҳчақәа реиҭаҳара азԥхьагәаҭоуп
13:20 19.11.2025 (ирҿыцуп: 14:26 19.11.2025) Ақыҭауаа еиҳа ирҭаху заа, цәыббрамзазы иҟало ауп, избанзар урҭ економикала еиҳа ифеидоуп.
АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. 2025 шықәсазы апрограмма "Ақыҭанхамҩа аҿиара" аҳәаақәа ирҭагӡаны 153 гектар шықәсырацәалатәи ашәырбаҳчақәа реиҭаҳара азԥхьагәаҭоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра агроном хада Ҭеваз Ачба.
"Сынтәа апрограмма алахәылацәа 20 нызқь инареиҳаны ацитрустә ҵиаақәа реиҭаҳатәқәа рыҭоуп. Зынӡа 98 нызқь шьаҭа аиҭаҳатә аҿаҵан, урҭ рҟынтәи 50 нызқь ацитрусқәа", — иҳәеит Ачба.
Иара иажәақәа рыла, ақыҭауаа еиҳа ирҭаху заа, цәыббрамзазы иҟало ахкы, избанзар урҭ економикала еиҳа ифеидоуп.
Апрограмма инақәыршәаны, 20 000 шьаҭа аӡахәа аиҭаҳарагьы иазԥхьагәаҭоуп. 2021 шықәса инаркны Аԥсны ашәырбаҳчақәеи аӡахәаҭрақәеи рзы иааидкыланы 291 гектар ақәаарыхратә дгьыл ҿыцқәа ахархәарахь ирыҭоуп.
Иара убас, 2021 шықәса аахыс "Ақыҭанхамҩа аҿиара" апрограмма 600 миллион мааҭ азоурыжьхьеит ҳәа адырра ҟаиҵеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ Ҭеваз Ачба Ауаажәларратә палатаҿы имҩаԥысуаз аилатәараҿы.
Аҳәынҭқарратә программа аусура иалагӡаны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла 1100 инареиҳаны апроектқәа рыхәаԥшреи рышьақәырӷәӷәареи мҩаԥган.
Гагра араион аҿы инарыгӡароуп 28 проект 12,7 миллион мааҭ рыхә.
Гәдоуҭа араион аҿы — 128 проек 73 миллион мааҭ рыхә.
Аҟәа араион аҿы — 98 проект 41,4 ммиллион мааҭ рыхә.
Гәылрыԥшь араион аҿы — 96 проект 43,7 миллион мааҭ рыхә.
Очамчыра араион аҿы — 369 проект 140,8 миллион мааҭ рыхә.
Тҟәарчал араион аҿы — 40 проект 43,5 миллион мааҭ рыхә.
Гал араион аҿы — 38 проект 22,5 миллион мааҭ рыхә.