00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Беслан Бебиа

© SputnikБеслан Бебиа
Беслан Бебиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2025
Анапаҵаҩра
Беслан Бебиа диит 1963 шықәса лаҵарамза 12 рзы. 1978 шықәсазы дҭалеит Аҟәатәи акультура-ҵаралашаратә ҵараиурҭа, иара убри аамҭазы ансамбль "Шьараҭын" аҿы солистс дыҟан. 1981 шықәсазы иҵара иациҵеит Москватәи аҳәынҭқарратә культуратә институт аҿы.
АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik. 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Беслан Бебиа 62 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ареспублика зҽаԥсазтәыз артист Зураб Маршьан.
Беслан Бебиа данқәыԥшыз инаркны иаб, Аԥсны жәлар рартист Едуард Бебиа иаԥиҵаз аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьараҭын" аҿы дкәашон. Акыр шықәса рыҩнуҵҟа акәашаратә коллектив иалахәыз Зураб Маршьан иажәақәа рыла, Беслан Бебиа иаразнак ансамбль дахәҭакхеит, хаҭалатә еиԥш, гәыԥлатәи ақәгыларақәа рҿгьы ибаҩхатәра ааирԥшуан.
"Беслани сареи акырынтә агастрольқәа рахь ҳаиццахаьан: Франциаҟа, Тунис имҩаԥысуаз Адунеизегьтәи афестиваль ахь. Уи иалахәын 45 тәыла рхаҭарнакцәа. Беслан амилаҭтә традициақәа рыла дааӡан, дҳәатәхаҵаҩын, дҳаҭырқәҵаҩын, кәашаҩык иҳасабала – дҟазан", - ҳәа азгәеиҭеит Маршьан.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Беслан Бебиа иҩызцәа зегь реиԥш абџьар шьҭыхны Аԥсадгьыл ахьчара дгылеит. Аибашьра ашьҭахь, аԥсуа кәашаҩцәа рабиԥара ҿыцқәа еиҵааӡо, бзиа иибоз иусура дазыхынҳәит ҳәа иҳәеит Зураб Маршьан.
Беслан Бебиа 1996 шықәсазы ансамбль адиректорси абалетмеистерси дҟалеит. Иара ахореографиатә композициақәа "СССР ажәларқәа реиҩызара", "Кавказ ажәларқәа реиҩызара" ықәиргылеит. "Шьараҭын" ақәыргыламҭақәа "Ауапақәа рыла акәашара", "Нарҭаа" рҿы акәашара хада наигӡон.
Ажәабжьқәа зегьы
0