00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
30 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
30 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Сызхьымӡаз сашәала сышәҵәуа!..": Апоет Виачеслав Ҷыҭанаа игәалашәара иазкны

© Foto / Из архива Анатолия ЛагулааВячеслав Читанава
Вячеслав Читанава - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2025
Анапаҵаҩра
Збаҩхатәра ҳаракыз апоет Виачеслав Ҷыҭанаа диит Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан абҵара 19 1955 шықәсазы.
"Сызхьымӡаз сашәала сышәҵәуа!.."
Сгылоу џьышәымшьан насҭха,
Сажәеинраалақәа ркәасҭха,
Рымца аԥхарра сгәы ианшуа,
Сыҟан, сыҟаӡам сашшуа.
Виачеслав Ҷыҭанаа
Апсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥнагеит апоет, апублицист Виачеслав Ҷыҭанаа диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазку аиубилеитә хәылԥазы.
Ахәылԥаз иалахәын ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа, ҳаинтеллигенциа, ашколхәыҷқәа, арҵаҩцәа, апоет иуа-иҭынха.
Араҟа еиҿкаан апоет ишәҟәқәа рцәыргақәҵа, иара убасгьы ипублицистикатә рҿиамҭақәа.
Асценаҿ икнаҳаз аекран ду аҿы иддырбон апоет иҩызцәа арҿиаҩцәеи иареи рфотосахьақәа, иара ажәеинраалақәа дахьрыԥхьо авидео, ҳажәлари, ҳаԥсадгьыли, ҳбызшәеи рлахьынҵа дахьалацәажәо.
Ахәылԥаз аартуа Аҟәатәи актәи ашкол аҟынтәи аҵаҩцәа Алани Илариеи Қапбааи Николь Кәыҵниеи апоет иажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
Апоет, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу иқәгылараҿы инарҭбаан далацәажәоит апоет иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи.
Иазгәеиҭеит, Виачеслав Ҷыҭанаа иԥсҭазаара заа ишҿахҵәазгьы дзыхьӡаз шырацәоу, иажәеинраалақәа ҳлитератураҿы ишаанхо, аамҭа ишазымҵәахуа, уаҵәы игылараны иҟоу ҳхьыбҿаргьы хымԥада ишырзааигәахо, дунеи ҿыцк шырзаанартуа.
Национальная библиотека - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.11.2025
Аԥсны
Аԥсуа поет Виачеслав Ҷыҭанаа диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥысит
Уи ашьҭахь идырбан ҳаԥсуа проза аклассикцәа Џьума Аҳәбеи, Алықьса Гогәуеи Виачеслав Ҷыҭанаа изы ирҳәоз ргәалашәарақәа.
Ажәа ирҭеит апоет, ауаажәларратә усзуҩы, ажурнал "Аҟазара" аредактор хада Геннади Аламиа. Уи дазааҭгылеит Виачеслав редакциатә усзуҩык иаҳасабала ажурнал "Аԥсны аҟазараҿы" акырӡа аџьабаа шибаз, аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс дшыҟаз. Насгьы поетк иахасабала ирласны дышшәыз, ибжьы ижәлар ишраҳаз, аԥхьаҩцәа иаразнак ишизҿлымҳахаз.
Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа аиҳабы Владимир Занҭариа дазааҭгылеит апоет ирҿиара адунеитә поезиа иадкыланы, уи агәра диргеит, автор иҩымҭақәа ишахәҭоу ианеиҭагаха, мышкызны апоетцәа дуқәа ихьӡ убарҭ ирыдургылартә ишыҟало.
Даара агьама ҳарак змаз, иҵаулаз, афилософиатә хәыцрақәа рыла дықәгылеит ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа. Уи Виачеслав поетк иаҳасабалагьа, уаҩык иаҳасабалагьы дизааигәан, қыҭак иахьатәыз анаҩсгьы, доуҳалагьы, ҟазшьалагьы еиқәшәон, еилибакаауан, акырӡа аҳаҭырқәҵара рыбжьан.
Ажәа бзиа, хшҩҵакыла иҭәыз агәалашәарақәеи агәхьаагарақәеи зцыз цәажәаран апоет Гәында Қәыҵниаԥҳа лықәгылара. Уи дрыԥхьеит Виачеслав иажәеинраалақәа маҷымкәа, иазгәалҭеит асеиԥш иҟоу, баҩхатәрала иҭәу ауаа ирлас-ырласны ишымиуа, рымаршәа шклатәу, ишрыхӡыӡаалатәу.
© Foto / Анатолий Лагулаа

Апоет Виачеслав Ҷыҭанаа диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥган Амилаҭтә библиотекаҿы

Апоет Виачеслав Ҷыҭанаа диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥган Амилаҭтә библиотекаҿы - Sputnik Аҧсны
1/5

2/5

Апоет Виачеслав Ҷыҭанаа диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥган Амилаҭтә библиотекаҿы

© Foto / Анатолий Лагулаа

Апоет Виачеслав Ҷыҭанаа диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥган Амилаҭтә библиотекаҿы.

Апоет Виачеслав Ҷыҭанаа диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥган Амилаҭтә библиотекаҿы. - Sputnik Аҧсны
3/5

Апоет Виачеслав Ҷыҭанаа диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥган Амилаҭтә библиотекаҿы.

© Foto / Анатолий Лагулаа

Апоет Виачеслав Ҷыҭанаа диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥган Амилаҭтә библиотекаҿы

Апоет Виачеслав Ҷыҭанаа диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥган Амилаҭтә библиотекаҿы - Sputnik Аҧсны
4/5

5/5

Апоет Виачеслав Ҷыҭанаа диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥган Амилаҭтә библиотекаҿы

1/5

Апоет Виачеслав Ҷыҭанаа диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥган Амилаҭтә библиотекаҿы

2/5

Апоет Виачеслав Ҷыҭанаа диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥган Амилаҭтә библиотекаҿы

3/5

Апоет Виачеслав Ҷыҭанаа диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥган Амилаҭтә библиотекаҿы.

4/5

Апоет Виачеслав Ҷыҭанаа диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥган Амилаҭтә библиотекаҿы

5/5

Апоет Виачеслав Ҷыҭанаа диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥган Амилаҭтә библиотекаҿы

Уи иналымданы дықәгылеит апоет, ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредактор хада Гунда Сақаниаԥҳа. Уи акыраамҭа гәык-ԥсык ала далацәажәон апоет ирҿиара, илаԥш ҳәаа аҭбаара, иҩызара, илаф, ифилософиатә поезиа, ахара иԥшра…
Виачеслав иҩызцәа гәакьақәа, акыршықәса Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху аинтернат аҿы аҵара ицызҵоз, ирацәаны ахьҭеи аҵааи ицызфахьаз, ицгәырӷьахьаз, ицгәырҩахьаз арҵаҩы Феликс Џьынџьиеи апоет-академик Валентин Кәаӷәаниеи даара аинтерес зҵаз ргәалашәарақәа рҳәеит.
Аҵыхәтәан ажәа рырҭеит апоет иашьа Гәакьа Савели Ҷыҭанааи, апоет ихатә ҩыза, Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи 1-тәи ашкол аиҳабы Нонна Делԥҳаи.
Аҵыхәтәан, аиубилеи хыркәшо, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу даҽазныкгьы иазгәеиҭеит, Виачеслав Ҷыҭанаа ихьӡ ахаан ԥсра-ӡра ақәымкәа ҳлитератураҿы ишаанхо. Уи иажәеинраалақәа ҿыц игыло аҿар имҩақәҵаганы, ирхәыцганы, иааӡаганы ишырзыҟало. Аус злоу, усеиԥш иҟоу апоетцәа ирҩыз иреиӷьӡақәоу алхны ҳажәлар рызнагара ауп.
Ажәабжьқәа зегьы
0