Сҭампыл аангыларазы азин зырымҭаз аӷба Astoria Grande Шәачаҟа ихынҳәит
15:33 22.11.2025 (ирҿыцуп: 16:30 22.11.2025)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Сҭампыл аангыларазы азин зырымҭаз аӷба Astoria Grande Шәачаҟа ихынҳәит.
Ҩымчыбжь ирылагӡаз акруиз аамҭеихшара инақәыршәаны ихыркәшахеит, 620-ҩык апассаџьырцәеи 430-ҩык аекипаж ахаҭарнакцәеи Шәачатәи абаӷәазахь игьежьит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Аӷба Палау абираҟ ахагылоуп. Сҭампылҟа инеиаанӡа, егьырҭ аҭырқәа қалақьқәа рҿы иаангылеит: Анталиа, Аланиа, Измир. Сҭампылтәи абаӷәаза анапхгара мап ахьацәыркыз амзызқәа деилыркаамызт.