https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/13826
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы агастрофестиваль "Ҭагалан агьама: Афеихоа" мҩаԥысраны иҟоуп
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы агастрофестиваль "Ҭагалан агьама: Афеихоа" мҩаԥысраны иҟоуп
Sputnik Аҧсны
Афестиваль мҩаԥгахоит "Аҟәа ашҭа" ҳәа иахьашьҭоу аԥшаҳәаҿы, иара ҭагалантәи ашәырқәа ирызкуп, аха ахәыҟаҵаҩцәа иаҳа азҿлымҳара арҭоит афеихоа. 25.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-25T14:02+0300
2025-11-25T14:02+0300
2025-11-25T14:21+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/09/1049000047_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_6f668b73d0b686ab2c499b018bd9c646.jpg
АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Аҟәа аԥшаҳәаҿы агастрофестиваль "Ҭагалан агьама: Афеихоа" мҩаԥысраны иҟоуп амҽыша, абҵара 30 рзы.Афестиваль аиҿкааҩ Шамиль Ҟлыч иажәақәа рыла, аусмҩаԥгатә иааизакны ҭагалантәи ашәырқәа ирызкуп, аха афеихоа ихадоу аалыҵны иҟалоит.Ҟлыч иажәақәа рыла, аиҿкааҩцәа рзы акырӡа аҵанакуеит аԥсуа бренд ҳәа иршьо амандарина мацара иадҳәаламзарц."Ҳара иаҳбоит атәылаҿы афеихоа аекспорт аизырҳара шамоу. Урыстәылатәи ҳколлегацәа рҟынтәгьы ари ашәыр ахь аинтерес еизҳауеит", — иҳәеит иара.Агастрофестиваль рхы аладырхәуеит 20 инареиҳаны Аԥснытәи аресторанқәа, аԥацхақәа, аҩыҟаҵаҩцәа, аҭыԥантәи ааглыхҩцәа. Иҟалоит аҭыԥантәи ахәыҟаҵаҩцәа рыдагьы, урыстәылатәқәагьы. Урҭ афеихоа иалху ахаақәеи, амилаҭтә чысқәеи, аԥсуа фаст-фудқәеи ӡырыргоит.Асасцәа рыбжьы рҭиир рылшоит еиуеиԥшым аноминациақәа рҿы — иреиӷьу асет, иреиӷьу агәырхаага уҳәа убас иҵегьы.Иара убас, апрограммаҿы иазгәаҭоуп аҟазаратә-классқәа, аҭыԥантәи ааглыхыҩцәа рџьармыкьа, аԥсуа ртистцәа рықәгыларақәа.
https://sputnik-abkhazia.info/20250807/aati-ashaay-imagaz-anya-iaaait-12-nyzyk-inareiany-auaasyra-1056777279.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/09/1049000047_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_86679e7d85e36cf9bf2e45aad252c315.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы агастрофестиваль "Ҭагалан агьама: Афеихоа" мҩаԥысраны иҟоуп
14:02 25.11.2025 (ирҿыцуп: 14:21 25.11.2025) Афестиваль мҩаԥгахоит "Аҟәа ашҭа" ҳәа иахьашьҭоу аԥшаҳәаҿы, иара ҭагалантәи ашәырқәа ирызкуп, аха ахәыҟаҵаҩцәа иаҳа азҿлымҳара арҭоит афеихоа.
АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Аҟәа аԥшаҳәаҿы агастрофестиваль "Ҭагалан агьама: Афеихоа" мҩаԥысраны иҟоуп амҽыша, абҵара 30 рзы.
Афестиваль аиҿкааҩ Шамиль Ҟлыч иажәақәа рыла, аусмҩаԥгатә иааизакны ҭагалантәи ашәырқәа ирызкуп, аха афеихоа ихадоу аалыҵны иҟалоит.
"Ҳара афестиваль асасцәа идҳарбоит афеихоа аинтерес зҵоу, иекзотикатәу шәырны ишыҟоу, зыҭира алшо аалыҵк шакәу", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ҟлыч иажәақәа рыла, аиҿкааҩцәа рзы акырӡа аҵанакуеит аԥсуа бренд ҳәа иршьо амандарина мацара иадҳәаламзарц.
"Ҳара иаҳбоит атәылаҿы афеихоа аекспорт аизырҳара шамоу. Урыстәылатәи ҳколлегацәа рҟынтәгьы ари ашәыр ахь аинтерес еизҳауеит", — иҳәеит иара.
Агастрофестиваль рхы аладырхәуеит 20 инареиҳаны Аԥснытәи аресторанқәа, аԥацхақәа, аҩыҟаҵаҩцәа, аҭыԥантәи ааглыхҩцәа. Иҟалоит аҭыԥантәи ахәыҟаҵаҩцәа рыдагьы, урыстәылатәқәагьы. Урҭ афеихоа иалху ахаақәеи, амилаҭтә чысқәеи, аԥсуа фаст-фудқәеи ӡырыргоит.
Асасцәа рыбжьы рҭиир рылшоит еиуеиԥшым аноминациақәа рҿы — иреиӷьу асет, иреиӷьу агәырхаага уҳәа убас иҵегьы.
Иара убас, апрограммаҿы иазгәаҭоуп аҟазаратә-классқәа, аҭыԥантәи ааглыхыҩцәа рџьармыкьа, аԥсуа ртистцәа рықәгыларақәа.