https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/13831
Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҿы Аԥсны аполитикатә мчқәа злахәу афорум амҩаԥгара иалацәажәеит
Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҿы Аԥсны аполитикатә мчқәа злахәу афорум амҩаԥгара иалацәажәеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҿы Аԥсны аполитикатә мчқәа, анаԥхгаратә усбарҭақәа, адинхаҵаратәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа зегьы злахәу... 25.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-25T17:51+0300
2025-11-25T17:51+0300
2025-11-25T18:24+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102924/17/1029241743_0:59:1997:1182_1920x0_80_0_0_0e14826880b7be13c96c17bad745fd8e.jpg
АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҿы Аԥсны аполитикатә мчқәа, анаԥхгаратә усбарҭақәа, адинхаҵаратәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа зегьы злахәу афорум амҩаԥгара иалацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Бадра Гәынба иахьа дырԥылеит Ауаажәларратә палата алахәылацәа Гәыли Кьычԥҳаи, Сократ Џьынџьали, Дауҭ Агрбеи, Ерасҭ Агәмааи.Аусмҩаԥгатә Ауаажәларратә палата еиҿнакаауеит, аҳәынҭқарра иахәҭоу адгылара анаҭоит ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, Апалата изныкымкәа аҳәынҭқарреи аоппозициеи реиԥыларатә ҭыԥны ишыҟалахьоу, ауаажәларраҿы аҭышәынтәалара ароль шынанагӡо, акыр зҵазкуа уаажәларратә институтны ишыҟоу.Аганқәа, иара убасгьы ирылацәажәеит Ауаажәларратә Палата VI ааԥхьара аусуреи урыстәылатәи рколлегацәеи дареи реимадареи атәы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102924/17/1029241743_104:0:1879:1331_1920x0_80_0_0_2785a6e68bce7bedc74e8c3f075f04c3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҿы Аԥсны аполитикатә мчқәа злахәу афорум амҩаԥгара иалацәажәеит
17:51 25.11.2025 (ирҿыцуп: 18:24 25.11.2025) АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҿы Аԥсны аполитикатә мчқәа, анаԥхгаратә усбарҭақәа, адинхаҵаратәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа зегьы злахәу афорум амҩаԥгара иалацәажәеит. Абри атәы
аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Бадра Гәынба иахьа дырԥылеит Ауаажәларратә палата алахәылацәа Гәыли Кьычԥҳаи, Сократ Џьынџьали, Дауҭ Агрбеи, Ерасҭ Агәмааи.
Афорум хықәкы хадас иамоу ауаажәларра реидкылара иацхраауа азҵаарақәа рылацәажәара.
Аусмҩаԥгатә Ауаажәларратә палата еиҿнакаауеит, аҳәынҭқарра иахәҭоу адгылара анаҭоит ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, Апалата изныкымкәа аҳәынҭқарреи аоппозициеи реиԥыларатә ҭыԥны ишыҟалахьоу, ауаажәларраҿы аҭышәынтәалара ароль шынанагӡо, акыр зҵазкуа уаажәларратә институтны ишыҟоу.
Аганқәа, иара убасгьы ирылацәажәеит Ауаажәларратә Палата VI ааԥхьара аусуреи урыстәылатәи рколлегацәеи дареи реимадареи атәы.