00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
2 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Аԥсны иааны иҟоуп аусеицура азҵаарақәа рылацәажәаразы. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут аиԥылараҿы аҩ-ҳәынҭқаррак русбарҭақәа русеицура аҵак ду шамоу инаҵшьны иазгәеиҭеит. Аганқәа рылацәажәоит изакәанымкәа анаркотикқәеи аԥсихотроптә маҭәашьарқәеи рыҭира-раахәара, аекономикатә цәгьаурақәа рҿагылара, ҳаамҭазтәи акриминалистикатә методика рызҵаарақәа.
Ахәыҷқәа рзы акризистә центр аформат Аԥсны рацәак иақәшәом, убри аҟнытә уи аԥсахра аҭаххар ҟалоит ҳәа азгәалҭеит ацентр адиректор Камма Гоԥиаԥҳа арадио Sputnik аинтервиу аҭо. "Абарҭ ашьаҿақәа ирхысыз ацивилизациатә тәылақәа рҿы иҟоуп акризистә центрқәа, аҭаацәаратә ҩнқәа, ааӡаратә ҭаацәаратә маҵзурақәа. Урҭ зегьы еиныруеит, ахәыҷы дызҭагылоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны, абикәынреи ахылаԥшреи русбарҭақәа ирыӡбоит ахәыҷқәа рхы ахьдырхаша", — ҳәа лҳәеит лара.
Владимир Путин Киргизиа даҭааит. Урыстәыла ахада усутә ныҟәарыла Киргизиа хымш даҭааит. Иахьа иара аҳәынҭқарра ахада Садыр Жапаров дицны Аиааира ашҭаҿы иҟоу Иҿымцәаауа амцабз аҿаԥхьа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаиҵоит. Уаҵәы имҩаԥысуеит аофициалтә еиԥылареи ҩаӡара ҳаракылатәи аиҿцәажәарақәеи, уи аихшьаалақәа ирылҵшәаны еицырзеиԥшу аҳәамҭа анапаҵаҩра мҩаԥгахоит. Абҵарамза 27 рзы Бишкек ОДКБ асаммит аатуеит.
Аспектакль "Аешелон" Аԥсуа драматә театр арепертуар арбеиоит ҳәа азгәалҭеит атеатр адиректор хада Хьыбла Мықәԥҳа. "Хаҭала сара сзы ари аспектакль иҷыдоу аҵакы амоуп, избанзар сабду афронт ахь дцеит, уаҳагь дыхнымҳәӡеит. Иахьа уажәраанӡагьы хабарда дыбжьаӡит ҳәа дшьоуп. Ари аспектакль аус анадызулоз, сааигәа дыҟазшәа збон, иара дыззыразыз, акрызҵазкуа ак шыҟаҳҵоз сныруан ", — лҳәеит лара. Мықәԥҳа иазгәалҭеит, аҵыхәтәантәи аамҭазы атеатр аҿы аусура даара ишеилашуа, аԥхьарбарақәеи агастрольқәеи рацәаны ишымҩаԥысуа.
Ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афинал мҩаԥгахоит абҵара 26 рзы астадион "Динамо" аҿы. Асааҭ 18:00 рзы ахәмарра хацыркхоит Аҟәатәи "Нарҭи" кәтолтәи "Бзанеи" реиԥыларала ҳәа аанацҳауеит Ашьапылампыл афедерациа. Афиналбжаҿы "Бзана" ҩынтә "Гагра" иаиааит, 2:0, 1:0 ҳәа. Аҳҭнықалақь ашьапылампыласыҩцәа актәи ахәмарраҿы 2:1 ҳәа "Динамо" иаиааит, аҩбатәи ахәмарра — 1:1 ҳәа ихыркәшахеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0