https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/13848
Аибашьра ахьцо инхо ахәыҷқәа рыԥсшьареи ршәарҭадареи рзы акомиссиа аԥҵара иалацәажәеит
Аибашьра ахьцо инхо ахәыҷқәа рыԥсшьареи ршәарҭадареи рзы акомиссиа аԥҵара иалацәажәеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи ахәыҷтәы аомбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳаи алацәажәеит аибашьра ахьцо аҭыԥқәа рҿы инхо ахәыҷқәа рыԥсшьара аиҿкаареи... 26.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-26T13:49+0300
2025-11-26T13:49+0300
2025-11-26T14:23+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аԥсшьара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/1a/1059310077_0:176:798:625_1920x0_80_0_0_ffc19af3bb724f29fcee86cae6343682.jpg
Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи ахәыҷтәы аомбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳаи алацәажәеит аибашьра ахьцо аҭыԥқәа рҿы инхо ахәыҷқәа рыԥсшьара аиҿкаареи ршәарҭадареи рзы аусбарҭабжьаратә комиссиақәа раԥҵара.Акомиссиақәа Аԥсны араионқәа зегь рҟны атуристтә ҭыԥқәа ринфраструктура гәарҭоит, иара убас аԥҟарақәа рықәныҟәара иахылаԥшлоит. Уи ҷыдала ахәыҷқәа змоу аҭаацәа рзы акырӡа аҵанакуеит.Уи адагьы, иалацәажәеит апроект "Уаҵәашьҭахь". Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп 200-ҩык ахәыҷқәа рзы "алагертә смена" аиҿкаара, асоциалтә шьцылареи апсихологиатә цхыраара рыҭаразы.Аминистр акомиссиақәа рҿы аҭакԥхықәра зду аусзуҩы далихит, насгьы аусбарҭа анапынҵа аиҭеит апроект анагӡара арманшәаларазы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/1a/1059310077_0:101:798:700_1920x0_80_0_0_3e032562da2c816da19ab47e57a8a01c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аԥсшьара
ажәабжьқәа, аԥсны, аԥсшьара
Аибашьра ахьцо инхо ахәыҷқәа рыԥсшьареи ршәарҭадареи рзы акомиссиа аԥҵара иалацәажәеит
13:49 26.11.2025 (ирҿыцуп: 14:23 26.11.2025) Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи ахәыҷтәы аомбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳаи алацәажәеит аибашьра ахьцо аҭыԥқәа рҿы инхо ахәыҷқәа рыԥсшьара аиҿкаареи ршәарҭадареи рзы аусбарҭабжьаратә комиссиақәа раԥҵара.
Акомиссиақәа Аԥсны араионқәа зегь рҟны атуристтә ҭыԥқәа ринфраструктура гәарҭоит, иара убас аԥҟарақәа рықәныҟәара иахылаԥшлоит. Уи ҷыдала ахәыҷқәа змоу аҭаацәа рзы акырӡа аҵанакуеит.
Уи адагьы, иалацәажәеит апроект "Уаҵәашьҭахь". Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп 200-ҩык ахәыҷқәа рзы "алагертә смена" аиҿкаара, асоциалтә шьцылареи апсихологиатә цхыраара рыҭаразы.
Аминистр акомиссиақәа рҿы аҭакԥхықәра зду аусзуҩы далихит, насгьы аусбарҭа анапынҵа аиҭеит апроект анагӡара арманшәаларазы.