https://sputnik-abkhazia.info/20251127/1059338883.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
"Аԥсны акзаареи" "Урыстәыла акзаареи" аусеицуразы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ҿыц — аҿартә политика аганахь ала аимадарақәа рырӷәӷәара азгәанаҭоит, абри атәы... 27.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-27T13:01+0300
2025-11-27T13:01+0300
2025-11-27T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/1b/1059338717_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_86d82310f36d5155817f82b40d106ea3.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
"Аԥсны акзаареи" "Урыстәыла акзаареи" аусеицуразы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ҿыц — аҿартә политика аганахь ала аимадарақәа рырӷәӷәара азгәанаҭоит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аԥсны акзаара"ахада Алхас Барзаниа. Уи иазгәеиҭеит, аусшәҟәы иара убас азакәанԥҵаратә ԥшьгамҭақәа реимдара азԥхьагәанаҭоит ҳәа. "Ари апартибжьаратә ҩнуҵҟатә еиҿцәажәараҿеиԥш, аҳәынҭқарратә ҩаӡараҿгьы, ҳ-Аԥсны абжьы арӷәӷәаразы иконкреттәу механизмуп", — азгәеиҭеит Барзаниа.
Бишкек ОДКБ атәылақәа рнапхгаҩцәа рсаммит мҩаԥысуеит. Аусбарҭа "Ынтымак Ордо" ахь инеит — Владимир Путин, Александр Лукашенко, Касым-Жомарт Токаев, Емомали Рахмон, Садыр Жапаров. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аҳәаанырцә ааигәа. Ермантәыла асаммит иалахәӡам, аха Ереван уаанӡа иазгәанаҭахьан еицырзеиԥшу аӡбарақәа рыдкылара ҳаԥырхагахом ҳәа. Асаммит аҿы Урыстәыла, Кыргызыстан, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Ҭаџьиксҭан рыхәаԥшуеит уаанӡа ОДКБ атәылақәа рминистрцәеи Ашәарҭадаратә хеилакқәа рхадацәеи ирыдыркылахьаз закәаншьаҭа змам амиграциа аҿагылареи, ашәарҭадаратә зҵаарақәеи, анаркотрафик аҿагылареи рзы аусеицура ирызку аусшәҟәқәа.
Астол гьежь "Ахаҭара адоуҳа-цәаҩашәаратә ааӡара асистемаҿы ахәшьаратә ԥыжәарақәа" хацыркуп Аҟәа. "Ҳара иҳаӡбеит астол гьежь ари атема иазаҳкырц, избанзар, иахьатәи ҳаамҭазы уи акырӡа аҵанакуеит – апатриотизми аграждантә знеишьеит, урҭ Аԥсадгьыл ахь абзиабароуп, уи аинтересқәа рыхьчара азыхиароуп, уи аԥеиԥш азы иҭакԥхықәроуп", — иҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба. Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Татиана Степанова иазгәалҭеит, аҿар аус рыдулара аҵаки, дара рзы анырратә знеишьақәак разырхиареи шхымԥадатәиу.
Дзиудо азы Жәларбжьаратәи Афедерациа урыстәылаа Урыстәыла аҳәынҭқарратә бираҟ иаҵагыланы жәларбжьаратәи атурнирқәа рҿы ақәгылараз рзин еиҭашьақәнаргылеит. "Урыстәыла еицырзеиԥшу аԥҟарақәа рыла ахынҳәра аицлабрақәа арбеиоит, насгьы IJF аиашареи, аинклузивреи, аҳаҭырқәҵареи рыпринципқәа ирықәшәоит", — ҳәа аанацҳауеит IJF апресс-маҵзура. Урыстәылатәи адзиудоистцәа абҵарамза 28-30 рзы Абу-Даби имҩаԥысраны иҟоу "Ахылԥа Ду" атурнир аҿы абираҟ, агимн, аофициалтә символқәа ирыҵагыланы аицлабрақәа рхы рыладырхәуеит.
"Аԥсны акзаареи" "Урыстәыла акзаареи" аусеицуразы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ҿыц — аҿартә политика аганахь ала аимадарақәа рырӷәӷәара азгәанаҭоит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аԥсны акзаара"ахада Алхас Барзаниа. Уи иазгәеиҭеит, аусшәҟәы иара убас азакәанԥҵаратә ԥшьгамҭақәа реимдара азԥхьагәанаҭоит ҳәа. "Ари апартибжьаратә ҩнуҵҟатә еиҿцәажәараҿеиԥш, аҳәынҭқарратә ҩаӡараҿгьы, ҳ-Аԥсны абжьы арӷәӷәаразы иконкреттәу механизмуп", — азгәеиҭеит Барзаниа.Бишкек ОДКБ атәылақәа рнапхгаҩцәа рсаммит мҩаԥысуеит. Аусбарҭа "Ынтымак Ордо" ахь инеит — Владимир Путин, Александр Лукашенко, Касым-Жомарт Токаев, Емомали Рахмон, Садыр Жапаров. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аҳәаанырцә ааигәа. Ермантәыла асаммит иалахәӡам, аха Ереван уаанӡа иазгәанаҭахьан еицырзеиԥшу аӡбарақәа рыдкылара ҳаԥырхагахом ҳәа. Асаммит аҿы Урыстәыла, Кыргызыстан, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Ҭаџьиксҭан рыхәаԥшуеит уаанӡа ОДКБ атәылақәа рминистрцәеи Ашәарҭадаратә хеилакқәа рхадацәеи ирыдыркылахьаз закәаншьаҭа змам амиграциа аҿагылареи, ашәарҭадаратә зҵаарақәеи, анаркотрафик аҿагылареи рзы аусеицура ирызку аусшәҟәқәа.Астол гьежь "Ахаҭара адоуҳа-цәаҩашәаратә ааӡара асистемаҿы ахәшьаратә ԥыжәарақәа" хацыркуп Аҟәа. "Ҳара иҳаӡбеит астол гьежь ари атема иазаҳкырц, избанзар, иахьатәи ҳаамҭазы уи акырӡа аҵанакуеит – апатриотизми аграждантә знеишьеит, урҭ Аԥсадгьыл ахь абзиабароуп, уи аинтересқәа рыхьчара азыхиароуп, уи аԥеиԥш азы иҭакԥхықәроуп", — иҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба. Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Татиана Степанова иазгәалҭеит, аҿар аус рыдулара аҵаки, дара рзы анырратә знеишьақәак разырхиареи шхымԥадатәиу.Дзиудо азы Жәларбжьаратәи Афедерациа урыстәылаа Урыстәыла аҳәынҭқарратә бираҟ иаҵагыланы жәларбжьаратәи атурнирқәа рҿы ақәгылараз рзин еиҭашьақәнаргылеит. "Урыстәыла еицырзеиԥшу аԥҟарақәа рыла ахынҳәра аицлабрақәа арбеиоит, насгьы IJF аиашареи, аинклузивреи, аҳаҭырқәҵареи рыпринципқәа ирықәшәоит", — ҳәа аанацҳауеит IJF апресс-маҵзура. Урыстәылатәи адзиудоистцәа абҵарамза 28-30 рзы Абу-Даби имҩаԥысраны иҟоу "Ахылԥа Ду" атурнир аҿы абираҟ, агимн, аофициалтә символқәа ирыҵагыланы аицлабрақәа рхы рыладырхәуеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/1b/1059338717_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_dfebb6fc10fe44a918d5352e24eb5ec1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио