Ареспубликатә ашьа-датә центр аҿы жә-операциак мҩаԥыргахьеит
16:56 27.11.2025 (ирҿыцуп: 18:03 27.11.2025)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik. Ареспубликатә ашьа-датә центр аҿы жә-операциак мҩаԥыргахьеит.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба абри азы адырра ииҭеит ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ерик Ҳаҭхәа, ацентр аусура амҩаԥысшьа иазкыз аилатәараҿы.
Аусмҩаԥгатә алахәылацәа ацентри, араионтә хәышәтәырҭақәеи, ацхыраара ласи рыбжьара аинырра аус иалацәажәеит. Иара убас, амедицинатә цхыраара лас амашьынақәа ахәшәқәа рыла реиқәыршәареи ацентр ахаҭа аоперациаз аныхратә маҭәахәқәеи ахәшәқәеи рыла реиқәыршәареи рызҵаарагьы иазгәаҭан.
"Ашьа-датә центр аԥҵара Аԥсны агәабзиарахьчаратә система аҿиараҿы ихадоу шьаҿоуп. Ҳара ҳаицхырааны, ацентр еиԥмырҟьаӡакәа аусуразы аҭагылазаашьақәа зегьы аԥаҳҵароуп, ареспублика ауааԥсыра аҳәаанырцәҟа имцакәа, аҭыԥан ҳаамҭа иақәшәо ахәышәтәратә ҭагылазаашьақәа роурц азы", — азгәеиҭеит Быҭәба.

/