https://sputnik-abkhazia.info/20251127/1059352023.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Ареспубликатә ашьа-датә центр аҿы жә-операциак мҩаԥыргахьеит. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба абри азы адырра ииҭеит ареспубликатә хәышәтәырҭа... 27.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-27T18:01+0300
2025-11-27T18:01+0300
2025-11-27T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/1b/1059351857_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_040db6a10c60014ee20732e6e12e752a.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Ареспубликатә ашьа-датә центр аҿы жә-операциак мҩаԥыргахьеит. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба абри азы адырра ииҭеит ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ерик Ҳаҭхәа, ацентр аусура амҩаԥысшьа иазкыз аилатәараҿы. Аусмҩаԥгатә алахәылацәа ацентри, араионтә хәышәтәырҭақәеи, ацхыраара ласи рыбжьара аинырра аус иалацәажәеит. Иара убас, амедицинатә цхыраара лас амашьынақәа ахәшәқәа рыла реиқәыршәареи ацентр ахаҭа аоперациаз аныхратә маҭәахәқәеи ахәшәқәеи рыла реиқәыршәареи рызҵаарагьы иазгәаҭан.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә Маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа иатәу аҳәаахьчаратә гәыԥ "Ԥҭышь" даҭааит. Иара амаҵзуратә ҭагылазаашьақәеи аҳәаахьчаратә гәаҭаратә ҭыԥи реиҿкаашьа гәеиҭеит. Аҳәынҭқарра ахада акапиталтә ргыларатә усбарҭа анапхгаҩы Демир Гамсаниа ииҭаз анапынҵа инақәыршәаны, хара имгакәа ахыбрақәа реиҭашьақәыргылареи реиҿкаареи иалагоит.
Урыстәыла НАТО иақәлар ҟалоит ҳәа ицәажәо аҳәынҭқарратә корпорациақәа рымаҵ зуа "зхызтәым роуп" мамзаргьы "ҩысҭаацәоуп" ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аҳәаанырцә ааигәа. “Иҟоуп рацәак зхызтәым ауаа. Мамзаргьы зыҽзырҩысҭаауаа. Урҭ рыуаажәлар ирарҳәоит Урыстәыла Европа ақәлара аҽазыҟанаҵоит ҳәа. Иҟалап урҭ атәылахьчаратә еилахәырақәа ринтересқәа рыхьчозар. Аҳәара удаҩуп рхы иҭоу, аха ҳара ишеилаҳкаауала – амц рҳәоит".
Аԥсны апроект "Асоциалтә такси" хацдыркит. Гәдоуҭеи Очамчыреи рраионқәеи Аҟәа ақалақьи згәабзиаратә ҭагылазаашьа ԥку ауаа рныҟәгаразы ирманшәалоу амашьынақәа хԥа рыҭоуп. "Асоциалтә такси" хыԥхьаӡара рацәала згәабзиаратә ҭагылазаашьа ԥку ауаа рзы ихымԥадатәиу маҵзуроуп ҳәа азгәеиҭеит ИА "Аԥсны акоманда" анапхгаҩы Георги Габуниа. Иахьазы ареспублика ауааԥсыра 500-ҩык инареиҳаны асоциалтә такси пассаџьырцәаны иҟалар рылшоит. "Аԥшьгамҭа Нижегородтәи аобласт анапхгара адгылара арҭеит. Ари апроект атехникатә еиқәыршәара иадҳәалоу аусқәа— адиспетчертә маҵзура аԥҵара, иҷыдоу аҵаратә курс иахысыз амашьынаныҟәцаҩцәа разырхиара уҳәа рыхәҭак мҩаԥаагахьеит. Уажәазы амашьынақәа зегь рыла еиқәыршәоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Габуниа.
Ареспубликатә ашьа-датә центр аҿы жә-операциак мҩаԥыргахьеит. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба абри азы адырра ииҭеит ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ерик Ҳаҭхәа, ацентр аусура амҩаԥысшьа иазкыз аилатәараҿы. Аусмҩаԥгатә алахәылацәа ацентри, араионтә хәышәтәырҭақәеи, ацхыраара ласи рыбжьара аинырра аус иалацәажәеит. Иара убас, амедицинатә цхыраара лас амашьынақәа ахәшәқәа рыла реиқәыршәареи ацентр ахаҭа аоперациаз аныхратә маҭәахәқәеи ахәшәқәеи рыла реиқәыршәареи рызҵаарагьы иазгәаҭан. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә Маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа иатәу аҳәаахьчаратә гәыԥ "Ԥҭышь" даҭааит. Иара амаҵзуратә ҭагылазаашьақәеи аҳәаахьчаратә гәаҭаратә ҭыԥи реиҿкаашьа гәеиҭеит. Аҳәынҭқарра ахада акапиталтә ргыларатә усбарҭа анапхгаҩы Демир Гамсаниа ииҭаз анапынҵа инақәыршәаны, хара имгакәа ахыбрақәа реиҭашьақәыргылареи реиҿкаареи иалагоит. Урыстәыла НАТО иақәлар ҟалоит ҳәа ицәажәо аҳәынҭқарратә корпорациақәа рымаҵ зуа "зхызтәым роуп" мамзаргьы "ҩысҭаацәоуп" ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аҳәаанырцә ааигәа. “Иҟоуп рацәак зхызтәым ауаа. Мамзаргьы зыҽзырҩысҭаауаа. Урҭ рыуаажәлар ирарҳәоит Урыстәыла Европа ақәлара аҽазыҟанаҵоит ҳәа. Иҟалап урҭ атәылахьчаратә еилахәырақәа ринтересқәа рыхьчозар. Аҳәара удаҩуп рхы иҭоу, аха ҳара ишеилаҳкаауала – амц рҳәоит". Аԥсны апроект "Асоциалтә такси" хацдыркит. Гәдоуҭеи Очамчыреи рраионқәеи Аҟәа ақалақьи згәабзиаратә ҭагылазаашьа ԥку ауаа рныҟәгаразы ирманшәалоу амашьынақәа хԥа рыҭоуп. "Асоциалтә такси" хыԥхьаӡара рацәала згәабзиаратә ҭагылазаашьа ԥку ауаа рзы ихымԥадатәиу маҵзуроуп ҳәа азгәеиҭеит ИА "Аԥсны акоманда" анапхгаҩы Георги Габуниа. Иахьазы ареспублика ауааԥсыра 500-ҩык инареиҳаны асоциалтә такси пассаџьырцәаны иҟалар рылшоит. "Аԥшьгамҭа Нижегородтәи аобласт анапхгара адгылара арҭеит. Ари апроект атехникатә еиқәыршәара иадҳәалоу аусқәа— адиспетчертә маҵзура аԥҵара, иҷыдоу аҵаратә курс иахысыз амашьынаныҟәцаҩцәа разырхиара уҳәа рыхәҭак мҩаԥаагахьеит. Уажәазы амашьынақәа зегь рыла еиқәыршәоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Габуниа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/1b/1059351857_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_58c1276f6476176216925a913561e00f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио