Аԥсни Урыстәылеи АҩАР аусзуҩцәа ҳаамҭазтәи акриминалистикатә методика иалацәажәеит
20:14 27.11.2025 (ирҿыцуп: 20:36 27.11.2025)

© Sputnik / Илья Питалев
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik. Аԥсуа-аурыс зинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа изакәанымкәа анаркотикқәеи апсихотроптә маҭәашьарқәеи реикәыршареи, аекономикатә цәгьоурақәа рҿагылара, ҳаамҭазтәи акриминалистикатә методика, заанаҵтәи аусҭҵаара аусқәа рызҵаарақәа ирылацәажәеит.
Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Аԥсны иааны иҟоуижьҭеи хымш ҵуеит. Русура аихшьаала ҟарҵеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут имҩаԥигаз аилатәараҿы.
Арҭ ахырхарҭақәа зегьы ганрацәала рыҭҵаара рколлегацәеи дареи русеицура алҵшәақәа ишырныԥшуа азгәеиҭеит Кьиут.
Хара имгакәа арҭ аҟәша ҷыдақәа рнапхгаҩцәа усуратә ныҟәара ҳәа Урыстәылаҟа идәықәҵахоит.