https://sputnik-abkhazia.info/20251128/1059369910.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы агәабзиарахьчареи, аҵарадырреи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, аспорти, асоциалтә маҵзурақәеи русхк иаҵанакуа абиуџьет... 28.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-28T13:01+0300
2025-11-28T13:01+0300
2025-11-28T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/1c/1059369744_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_2b8a3ebe584583e3060800b16406c1a6.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы агәабзиарахьчареи, аҵарадырреи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, аспорти, асоциалтә маҵзурақәеи русхк иаҵанакуа абиуџьет сектор аусзуҩцәа руалафахәы аизырҳаразы ақәҵара рыдыркылеит. Ауалафахәы афонд аиндексациа есышықәса имҩаԥысуеит, уи афинанстә цхыраара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр Владимир Делба. "Ақәҵара апроект Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара 2022-2025 шықәсақәа рзы ареспублика асоциал-економикатә ҿиаразы аҳәынҭқарратә программа анагӡара арманшәаларазы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны иазырхиоуп", — ҳәа иҳәеит афинансқәа рминистр Саид Гәбаз.
2026-2030 шықәсқәа рзы ареспублика асоциал-економикатә ҿиаразы Аҳәынҭқарратә программа анагӡара арманшәаларазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра апроект рыдыркылеит Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы. Иахьа, аилатәараҿы, аҳәынҭқарра ахада иахь Аиқәшаҳаҭра абжьаҵаразы ажәалагала анашьҭразы ақәҵара рыдыркылеит. Аусшәҟәы аднагалеит Аекономика аминистрра, уи иазыразхеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Аиустициа аминистрра, Афинансқәа рминистрра, аҳәынҭқарратә усбарҭа хадақәа.
Аԥсни Адыгеиа анапхгареи ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырра-техникатә, агуманитартә, асоциал-культуратә усеицуразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит. Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгареи Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи рзы ақәҵара рыдыркылеит. Аганқәа напхгаганы иҟарҵоит Урыстәылеи Аԥсни 2008 шықәса цәыббра 17 рзы ирыбжьарҵаз аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра.
Аԥсны Атәанчахәытә фонд 2026 шықәсазтәи абиуџьет Апарламент актәи аԥхьараҿы ишьақәырӷәӷәоуп, уи 2 миллиардки 324 миллион мааҭ иҟалоит ҳәа азгәаҭоуп. Афонд аиҳабы Денис Гәлариа Аԥсны Апарламент аҿы иахьа имҩаԥысуа изаамҭанытәиу асессиаҿы ишиҳәаз ала, афонд абиуџьет есышықәса иацло иаауеит. "2025 шықәсеи 2026 шықәсеи еиҿҳарԥшуазар, 23,5% рыла 2026 шықәсазы ҳбиуџьет еиҳахоит. Ахарџьқәа еиԥшуп, абиуџьет абаланс аҿы иҟоуп, 2 миллиардки 424 миллион мааҭ инареиҳаны иҟалоит", — иҳәеит Гәлариа. 2025 шықәсазы Аԥсны атәанчахәытә фонд аибуџьет 1,9 миллиард мааҭ иҟан.
Ԥсҳәы иахьаҵанакуа аҵҩаа амца акит ҳәа Sputnik ахь иаарыцҳаит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзураҟынтә. Амцакра ҟалеит 50 гектар раҟара зҵазкуа, захь атехника анеира уадаҩу аҭыԥ аҿы. Амца арцәара иалахәуп амцацәыхьчара-еиқәырхаратә усзуҩцәа зегьы. Ақыҭауаа рыҩнқәеи рышҭақәеи рзы шәарҭара ыҟаӡам ҳәа рҳәеит аминистрраҿ.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы агәабзиарахьчареи, аҵарадырреи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, аспорти, асоциалтә маҵзурақәеи русхк иаҵанакуа абиуџьет сектор аусзуҩцәа руалафахәы аизырҳаразы ақәҵара рыдыркылеит. Ауалафахәы афонд аиндексациа есышықәса имҩаԥысуеит, уи афинанстә цхыраара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр Владимир Делба. "Ақәҵара апроект Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара 2022-2025 шықәсақәа рзы ареспублика асоциал-економикатә ҿиаразы аҳәынҭқарратә программа анагӡара арманшәаларазы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны иазырхиоуп", — ҳәа иҳәеит афинансқәа рминистр Саид Гәбаз. 2026-2030 шықәсқәа рзы ареспублика асоциал-економикатә ҿиаразы Аҳәынҭқарратә программа анагӡара арманшәаларазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра апроект рыдыркылеит Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы. Иахьа, аилатәараҿы, аҳәынҭқарра ахада иахь Аиқәшаҳаҭра абжьаҵаразы ажәалагала анашьҭразы ақәҵара рыдыркылеит. Аусшәҟәы аднагалеит Аекономика аминистрра, уи иазыразхеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Аиустициа аминистрра, Афинансқәа рминистрра, аҳәынҭқарратә усбарҭа хадақәа. Аԥсни Адыгеиа анапхгареи ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырра-техникатә, агуманитартә, асоциал-культуратә усеицуразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит. Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгареи Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи рзы ақәҵара рыдыркылеит. Аганқәа напхгаганы иҟарҵоит Урыстәылеи Аԥсни 2008 шықәса цәыббра 17 рзы ирыбжьарҵаз аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра. Аԥсны Атәанчахәытә фонд 2026 шықәсазтәи абиуџьет Апарламент актәи аԥхьараҿы ишьақәырӷәӷәоуп, уи 2 миллиардки 324 миллион мааҭ иҟалоит ҳәа азгәаҭоуп. Афонд аиҳабы Денис Гәлариа Аԥсны Апарламент аҿы иахьа имҩаԥысуа изаамҭанытәиу асессиаҿы ишиҳәаз ала, афонд абиуџьет есышықәса иацло иаауеит. "2025 шықәсеи 2026 шықәсеи еиҿҳарԥшуазар, 23,5% рыла 2026 шықәсазы ҳбиуџьет еиҳахоит. Ахарџьқәа еиԥшуп, абиуџьет абаланс аҿы иҟоуп, 2 миллиардки 424 миллион мааҭ инареиҳаны иҟалоит", — иҳәеит Гәлариа. 2025 шықәсазы Аԥсны атәанчахәытә фонд аибуџьет 1,9 миллиард мааҭ иҟан. Ԥсҳәы иахьаҵанакуа аҵҩаа амца акит ҳәа Sputnik ахь иаарыцҳаит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзураҟынтә. Амцакра ҟалеит 50 гектар раҟара зҵазкуа, захь атехника анеира уадаҩу аҭыԥ аҿы. Амца арцәара иалахәуп амцацәыхьчара-еиқәырхаратә усзуҩцәа зегьы. Ақыҭауаа рыҩнқәеи рышҭақәеи рзы шәарҭара ыҟаӡам ҳәа рҳәеит аминистрраҿ.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/1c/1059369744_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_07a77f47d44febc095f52c02096a7759.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио