Аԥсни Башкортасҭани русеицура арҭбааразы амҩатә хсаала рнапы аҵарҩит
16:56 30.11.2025 (ирҿыцуп: 19:58 30.11.2025)

© Foto / Кабинет министров Абхазии
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. Аԥсни Башкортасҭани 2025-2030 шықәсқәа рзы русеицура арҭбааразы амҩатә хсаала рнапы аҵарҩит.
Ашәҟәы рнапы аҵарҩит аԥыза-министр Владимир Делбеи Андреи Назарови.
Аганқәа ахәаахәҭра-аекономикеи, ааглыхреи аргылареи, аҵарадырреи, аспорти, акультуреи, АИХ-қәеи, агәабзиарахьчареи аветеринариеи, асоциалтә хьчареи рхырхарҭақәа рыла русеицура арҭбаара агәарҭеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.