00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Путин иусԥҟала арратә операциа ҷыдаан иҭахаз Баҭал Бигәаа "Агәымшәараз" аорден ианашьоуп

© Sputnik Video screenshotБатал Бигвава ("Балу")
Батал Бигвава (Балу) - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин иусԥҟала арратә операциа ҷыда азонаҿы иҭахаз Баҭал Бигәаа "Агәымшәараз" аорден ианашьоуп.
Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко аибашьҩы иҭаацәа аҳәынҭқарратә ҳамҭа риҭеит.
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои иахьа Баҭал Бигәаа инышәынҭраҿ ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Бигәаа абаталион "Пиатнашка" далахәны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа — Авдеевка, Часов-Иар, Курсктәи аобласт, уҳәа егьырҭ аҭыԥқәа рҿы деибашьуан.
"Иахьа иҩаԥысуа ахлымӡаах жәбоит, уа ҳаҷкәынцәа алагылоуп, ҳаҷкәынцәа аӡәырҩы рхы ақәырҵеит иахьа имҩаԥысуа аибашьра, уи ҳара иҳакьымсуашәа ҳгәы иабоит, аха убра аиааира ҳамгар, ас еиԥш иҟоу ауадаҩрақәа ҳадгьыл ашҟагьы иаауеит. Ҳара ҳзы Баҭали егьырҭ аиашара зхы ақәызҵаз аӡәырҩи рыхьӡ фырхаҵара дуны ҳахәаԥшуеит. Урҭ еснагь аиашаразы иқәԥоз ауаа ирышьҭрақәлацәоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
Сергеи Кириенко иҳәеит Бигәаа Курсктәи аобласт аҭынч уааԥсыра реиқәырхараз, рыхьчараз дгылеит, ихы-иԥсы рықәиҵеит ҳәа.
"Баҭал Џьон-иԥа дфырхаҵа иашаҵәҟьоуп. Аԥсни Урыстәылеи дырфырхаҵоуп", — иҳәеит Кириенко.
Ажәабжьқәа зегьы
0