Агеографиазы адиктант Аԥсны ԥхынҷкәын 2, 3 рзы имҩаԥысраны иҟоуп
19:24 01.12.2025 (ирҿыцуп: 00:33 02.12.2025)

© Sputnik / Игорь Руссак
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik. Агеографиазы адиктант Аԥсны ԥхынҷкәын 2, 3 рзы имҩаԥысраны иҟоуп.
Ԥхынҷкәын 2 асааҭ 10:00 рзы шәхы алашәырхәыр шәылшоит Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциаҿи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿи.
Ԥхынҷкәын 3 рзы — асааҭ 11:00 рзы Аҟәатәи ашкол №3, Галтәи ашкол №1 рҿы.
Онлаин ҳасабла абҵарамза 30 инаркны ԥхынҷкәын 14 рҟынӡа аофициалтә саит аҿгьы ахысра алшоит.
Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа – Россотрудничество Ахаҭарнакра, Аԥсны агеографиатә еилазаара, ААУ, Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль адирекциа Ахаҭарнакра, Аԥсны аҵара аминистрра ацхыраарала.
2024 шықәсазы ареспубликаҿы аа-ҵараиурҭак рҟынтәи ашколхәыҷқәеи астудентцәеи 237-ҩык адиктант рҩит. Урҭ 45 минуҭ рыла 10 дҵак нарыгӡар акәын, 30 зҵаара рҭак ҟарҵар акәын.