Лиа Гурцкаиа лышьразы ихацыркыз аусеилыргара хнаркәшеит Очамчыра араион апрокуратура
16:43 03.12.2025 (ирҿыцуп: 17:15 03.12.2025)

© Sputnik / Владимир Федоренко
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik. Лиа Гурцкаиа лышьразы ихацыркыз аусеилыргара хнаркәшеит Очамчыра араион апрокуратура.
Аус ахәаԥшразы аӡбарҭахь идәықәҵоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада.
Ауаҩшьра ҟалеит хәажәкыра 2 рзы, Баслахә ақыҭа азааигәара абнаҿы. Агәҩара ззыҟоу Бегьлар Чачуа иаалырҟьаны ирыбжьалаз аимак ашьҭахь Гурцкаиа аихатә ҭел лхаршәны дихәаҽит.
Чачуа аԥҳәыс дшыԥсыз анеиликаа, лхала лҽылшьызшәа араҵла амахә аҿы дыкнаҳан дыбналеит.