Аԥсны атәылахьчара аминистрра анапхгаратә еилазаара аилатәара мҩаԥыргеит
11:40 04.12.2025 (ирҿыцуп: 12:36 04.12.2025)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 - Sputnik. Аԥсны атәылахьчара аминистрра анапхгаратә еилазаара аоператив-мобилизациатә еизара мҩаԥысит.
Аусмҩаԥгатә еиҿкаан ԥхынҷкәынмза 1 азы ихацыркыз аҵарашықәс ҿыц алагара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи далахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.
Бигәаа Аԥсны Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба ихьӡала аруаа дрыдныҳәалеит, иазгәеиҭеит адәныҟаполитикатә ҭагылазаашьа аныуадаҩу аамҭазы амилаҭтә шәарҭадара арӷәӷәаразы хра злоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара шхымԥадоу.
Иара иҳәеит аԥышәара шарҭо аруаа рзы амаҵзура-бзазаратәи ҭагылазаашьақәа реиӷьтәра, арҵаратә система арҿыцра, аҵара-материалтә база арӷәӷәара.
Иара убас, Арбџьармчқәа реиӷьтәреи, ҳаамҭазтәи азнеишьақәа раларҵәареи, ашәарҭадара азҵаарақәеи, иааиуа аамҭахәҭазы ихадоу аусуратә хырхарҭақәеи ирызку ауснагӡатәқәеи ирылацәажәеит.