Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа закәаншьаҭада иахыргоз 1500 инареиҳаны аҭаҭын ҭоԥ ааныркылеит
16:36 04.12.2025 (ирҿыцуп: 17:21 04.12.2025)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа закәаншьаҭада иахыргоз 1500 инареиҳаны аҭаҭын ҭоԥ ааныркылеит.
Аконтрабанда Аԥсны иалҵны ицоз амашьына Мерседес аҿы иаарԥшын. Шәачатәи аҳазалхратә еилакы излаанацҳауа ала, аҭаҭын ҭоԥқәа амашьына аҵаҟа, атәарҭақәа рышьҭахьҟа, ашьҭахьтәи акәырқәа рҿы иҵәахын.
Автомашьынеи урыстәылатәи акцизтә дыргақәа зқәымыз 1 530 паҷка асигарети рымхуп. Ашьаус хацыркуп.
Ашықәс иалагазар Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿ аҭаҭын аалыҵқәа закәаншьаҭада ахыгаразы 870 административтәи 16 шьауӷатә усқәеи хацыркуп. Ирымхуп — 800 нызқь цыра аҭаҭынцырақәеи 28 машьынеи.