https://sputnik-abkhazia.info/20251208/1059599826.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Иреиӷьу амилаҭтә маҭәа аицлабрахь арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит. Уи афестиваль "Амандарин" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит афестиваль... 08.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-08T13:01+0300
2025-12-08T13:01+0300
2025-12-08T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/08/1059599660_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_febe7ae1e25a878f66e2d65c1f609f7c.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Иреиӷьу амилаҭтә маҭәа аицлабрахь арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит. Уи афестиваль "Амандарин" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит афестиваль аиҿкааҩ Светлана Габуниаԥҳа. "Апроект Аԥсны акультуреи атрадициақәеи рахь аинтерес ацәыргара иазырхоуп. Ҷыдала иуҳәозар, аԥсуа ихаҭара аелементқәа иреиуоу иреиӷьу амилаҭтә маҭәа азы аицлабра ыҟоуп. Ҳара даара иаҳҭахуп аҿар рҟазара аадырԥшырц", — ҳәа еиҭалҳәеит лара. Габуниа лажәа иацҵо илҳәеит даҽа хықәкык шрымоу – амилаҭтә маҭәа аелементқәа есыҽнытәи аԥсҭазаара раларҵәара. Аицлабра рхы аладырхәыр рылшоит 45 шықәса рҟынӡа зхыҵуа адизаинерцәа.
Урыстәылатәи ассоциациа Добро.РФ асаит аҿы аԥснытәи аволонтиорцәа рҭагалара ахьалшо аҟәша аадыртуеит иааиуа ашықәс азы. Абри атәы арадио Sputnik аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны иаадыртраны иҟоу аволонтиортә центр аҳәаақәҵаҩ Саманта Делԥҳа. Лара лажәақәа рыла, уи иабзоураны аԥсынтәи аволонтиорцәа иаку рбаза ҟалоит. "Иҳанаҭои уи — Аԥсны аусмҩаԥгатәқәа анымҩаԥысуа аиҿкаарақәа уа анонс ҳасабла ианырҵар алшоит, аволонтиорцәа ракәзар, ирықәнагоу, ргәы иақәшәо алхра рылшоит. Иара уажәгьы ҳволонтиорцәа маҷымкәа уа иҭаҩхахьеит. Раԥхьаӡа акәны ҳара иҳауеит иаку абаза — ҳволонтиорцәа рыхьӡқәа, рыжәлақәа, иара убас егьырҭ адыррақәа", — ҳәа еиҭалҳәеит Делԥҳа.
Шәача аҳаирбаӷәазаҿы аԥырразы иалагалаз аԥкрақәа аԥыхуп. Урҭ аҳаирбаӷәаза аусура иаԥырхагамхеит, аԥыррақәа раамҭа уамак иамԥсахит ҳәа аарыцҳауеит аҳаирбаӷәаза апресс-маҵзураҿы. Адронқәа рыла ажәларазы агәҽанҵара аԥыхуп.
Урыстәыла АфШәМ аусзуҩцәа Ростовтәи аобласт аҟны дааныркалеит украинатәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыцызуоз атәылауаҩ. Украина ашәарҭадаратә маҵзура аҟынтәи аҳәаақәҵаҩ идҵала 21 шықәса зхыҵуаз урыстәылауаҩ аԥаразы аҭелтә еимадара аҳәышәҭ амца ацреиҵеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа. Урыстәыла АфШәМ адыррақәа рыла, уи УАшәМ аҳәаақәҵеи иареи аимадара рыбжьан амессенџьер Telegram ала, иара хатәгәаԥхарала Урыстәыла ашәарҭадара ҵызшәаауаз маӡалатәи аусқәа рымҩагара дақәшаҳаҭхеит. Ашьаус хацыркуп.
Иреиӷьу амилаҭтә маҭәа аицлабрахь арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит. Уи афестиваль "Амандарин" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит афестиваль аиҿкааҩ Светлана Габуниаԥҳа. "Апроект Аԥсны акультуреи атрадициақәеи рахь аинтерес ацәыргара иазырхоуп. Ҷыдала иуҳәозар, аԥсуа ихаҭара аелементқәа иреиуоу иреиӷьу амилаҭтә маҭәа азы аицлабра ыҟоуп. Ҳара даара иаҳҭахуп аҿар рҟазара аадырԥшырц", — ҳәа еиҭалҳәеит лара. Габуниа лажәа иацҵо илҳәеит даҽа хықәкык шрымоу – амилаҭтә маҭәа аелементқәа есыҽнытәи аԥсҭазаара раларҵәара. Аицлабра рхы аладырхәыр рылшоит 45 шықәса рҟынӡа зхыҵуа адизаинерцәа. Урыстәылатәи ассоциациа Добро.РФ асаит аҿы аԥснытәи аволонтиорцәа рҭагалара ахьалшо аҟәша аадыртуеит иааиуа ашықәс азы. Абри атәы арадио Sputnik аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны иаадыртраны иҟоу аволонтиортә центр аҳәаақәҵаҩ Саманта Делԥҳа. Лара лажәақәа рыла, уи иабзоураны аԥсынтәи аволонтиорцәа иаку рбаза ҟалоит. "Иҳанаҭои уи — Аԥсны аусмҩаԥгатәқәа анымҩаԥысуа аиҿкаарақәа уа анонс ҳасабла ианырҵар алшоит, аволонтиорцәа ракәзар, ирықәнагоу, ргәы иақәшәо алхра рылшоит. Иара уажәгьы ҳволонтиорцәа маҷымкәа уа иҭаҩхахьеит. Раԥхьаӡа акәны ҳара иҳауеит иаку абаза — ҳволонтиорцәа рыхьӡқәа, рыжәлақәа, иара убас егьырҭ адыррақәа", — ҳәа еиҭалҳәеит Делԥҳа. Шәача аҳаирбаӷәазаҿы аԥырразы иалагалаз аԥкрақәа аԥыхуп. Урҭ аҳаирбаӷәаза аусура иаԥырхагамхеит, аԥыррақәа раамҭа уамак иамԥсахит ҳәа аарыцҳауеит аҳаирбаӷәаза апресс-маҵзураҿы. Адронқәа рыла ажәларазы агәҽанҵара аԥыхуп.Урыстәыла АфШәМ аусзуҩцәа Ростовтәи аобласт аҟны дааныркалеит украинатәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыцызуоз атәылауаҩ. Украина ашәарҭадаратә маҵзура аҟынтәи аҳәаақәҵаҩ идҵала 21 шықәса зхыҵуаз урыстәылауаҩ аԥаразы аҭелтә еимадара аҳәышәҭ амца ацреиҵеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа. Урыстәыла АфШәМ адыррақәа рыла, уи УАшәМ аҳәаақәҵеи иареи аимадара рыбжьан амессенџьер Telegram ала, иара хатәгәаԥхарала Урыстәыла ашәарҭадара ҵызшәаауаз маӡалатәи аусқәа рымҩагара дақәшаҳаҭхеит. Ашьаус хацыркуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/08/1059599660_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_71c32290d67127fa25c54a94d399cadd.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио