Урыстәыла закәаншьаҭада амаининг ахархәаразы ашьауӷатә ҭакԥхықәра алагалара аԥшьнагоит
18:46 08.12.2025 (ирҿыцуп: 20:05 08.12.2025)

© Sputnik / Евгений Одиноков
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Урыстәыла анапхгара закәаншьаҭада амаининг ахархәаразы ашьауӷатә ҭакԥхықәра алагалара аԥшьнагоит иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак.
"Ҳара ацифратә валиута аикәыршара закәантә еиҿкаарала иҭышәынҳартәалоит, иара убасгьы ацифратә валиута амаининг азы азакәанеилагаразы административтә ҭакԥхықәреи, изакәантәым амаининг азы ашьауӷатә ҭакԥхықәреи шьақәҳаргылоит", — иҳәеит Новак Астратегиатә ҿиареи амилаҭтә проектқәеи рзы Ахеилак аилатәараҿы.
Аԥсны аенергетикатә инфраструктура аԥсыҽреи афымцамч адефицити инарымаданы акриптовалиута арҳара азин ԥкуп. Аминистрцәа реилазаара еиԥмырҟьаӡакәа аиқәыршәагақәа раагареи рхархәареи рзы азинԥкра аҿҳәара ацҵара иаҿуп, аҵыхәтәаны — 2026 шықәса анҵәамҭанӡа. Жьҭаарамзазы Апарламент амаининг еиқәыршәагақәа рымхреи рықәхреи рзы азакәан рыдыркылеит.