00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:22
8 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:02
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:02
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
On air
18:58
1 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Баҭал Ԥлиа Қьамал Арӡынба ишьразы ахара идҵоуп. Уи аӡбара рыланаҳәеит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа. Ԥлиа 11 шықәса иӷәӷәоу арежим ала аҭакра иқәҵоуп, уи аамҭа ԥхьаӡахоит данҭарк, 2021 шықәса лаҵара 19 инаркны. Қьамал Арӡынба иеихсит 2021 шықәса лаҵара 18 рзы. Иоуз ахәра иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы. Баҭал Ԥлиа дҭаркит 2021 шықәса лаҵарамзазы ауаҩшьразы гәҩарас дҟаҵаны. Ԥлиа ацәгьоура аныҟаиҵоз аамҭазы даҽа цәгьаурак азы аҩнтәи арбаандаҩра иман, аӡбарҭа уи абахҭа дҭанкын.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥысит апроект "Аекологиатә гәаҭара" аӡыргара. Уи ахықәкы – изакәанымкәа агәамсамеизакырҭа аҿагылара ауп. "Агәам еизгарҭақәа уаҩы изымдыруа ҳара иаҳбаз, иахьа иӡырааго ацҵа ҳхы иархәаны ауаҩы ибаратәы, уи моу аҳәынҭқарра ахада иҟынӡа абри ажәабжь анеираз алшара ыҟоуп", — ҳәа иҳәеит "Аԥсны акоманда" анапхгаҩы Гьаргь Габуниа. Аҳәынҭқарратә гәаҭаҩ иакәны дҟалар илшоит изҭаху зегьы. Уи азы урҭ иҷыдоу Telegram абот ашҟа инарышьҭроуп агәамсам ҭыԥқәа рзы адырра, афотосахьақәа, иара убас аҭыԥ ахьыкәу.
Аҟәа ахәҭақәак ӡыда иаанхоит уаҵәы, ԥхынҷкәын 12 рзы. Асааҭ 00:00 инаркны асааҭ 12:00 рҟынӡа аӡы аанкылахоит Ешба имҩаду, Ажәытә аҳабла, авокзали аџьармыкьеи иахьрыҵанакуа, ақалақь агәҭеи ашьхара иахьаԥнуи, ВИЕМ, Алашарбага рҟны ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра". Аӡы аанкылара ахҟьоит Аиааира апроспекти Имам Шамили имҩадуи реихысарҭаҿы имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа.
Леван Ханагәуа Очамчыра Араионтә еизара адепутатс далхуп Елыртәи 28-тәи алхырҭатә ҭыԥ аҟнытә ҳәа Sputnik иазеиҭанаҳәеит аҭыԥантәи алхратә комиссиа. Алхрақәа рҿы аимак ыҟамызт, насгьы акандидат иахәҭоу абыжьқәа иоуит. Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысит абҵарамза 8 рзы. Елыртәи алхырҭатә ҭыԥ аҟнытә аӡәгьы ихы ахьықәимыргылаз иахҟьаны алхрақәа ԥхынҷкәынмзахьы ииаган.
Ажәабжьқәа зегьы
0