https://sputnik-abkhazia.info/20251212/1059691130.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Владимир Путин Аконституциа амш идиныҳәалеит. Аԥсны ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, азакәан хада адкылара Урыстәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы ихадоу... 12.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-12T13:30+0300
2025-12-12T13:30+0300
2025-12-12T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/0c/1059690964_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_a7dfed712a4a84ef78979ebb06c6bf21.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Владимир Путин Аконституциа амш идиныҳәалеит. Аԥсны ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, азакәан хада адкылара Урыстәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы ихадоу хҭысны ишыҟоу, иӷәӷәоу, зхы иақәиҭу, идемократиатәу ҳәынҭқаррак аҳасабала уи аҿиара астратегиатә мҩа шҳәаақәнаҵо. "Урыстәыла Афедерациа Аконституциа ауаатәыҩса рзинқәеи рхақәиҭреи шьақәнаргылоит, милаҭрацәа ахьеилахо аҳәынҭқарра ду акзаареи аҭышәынтәалареи рзы ишьаҭа ӷәӷәаны иҟоуп. Ажәларқәа аҭынчреи аҳәоуеиқәшәареи рыла инхоит, аиҩызареи аҳаҭырқәҵареи рытрадициақәа рыхьчоит", — ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.
Аԥсны аҳәынҭқарра аинфраструктуратәи атуристтәи ҿиараҿы имариоу аҭыԥқәа рзы ихымԥадатәиу астандартқәа" атемала астол гьежь мҩаԥысуеит Аҟәа. "Ҳара иналукааша атемақәа руак ҳалацәажәоит, избанзар иахьа арзҩыдареи ареабилитациеи рзы зеиԥш ыҟам алшара змоу туристтә тәыланы ҳхы ааҳарԥшуеит. Убри азы зеиҭаҵра маҷу атәылауаа рзы иҟоу аинфраструктура азҵаара ахаҭа уажәы актуалра адагьы аҳәынҭқарратә ҩаӡара ду амоуп", — лҳәеит Аинклиузивтә туризм ассоциациа анапхгаҩы Руслана Гьергьедааԥҳа.
Аҟәа амшын аҟны иӡааҟәрылаз ахаҵа иԥшааразы Аԥсны Атәылахьчара аминистрра авертолиот рхы иадырхәеит.Аԥшаарақәа рҽаладырхәит урыстәылатәи аволонтиорцәагьы. Абри атәы "Аԥсныпресс" иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА иатәу аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа. "Ахархәара аҭоуп ҳтехника ҷыда зегьы, иара убас аныҩбжьыла аҵауларашәага зхы иазырхәо Москвантәи иааз урыстәылатәи аволонтиорцәа. Ари ахархәага иалнаршоит амшын аҵа агәаҭара", – иҳәеит иара.
Сынтәа Гәдоуҭа араион ахашәалахәы 62,6 миллион мааҭ рыла еизҳаит ҳәа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аҭыԥантәи Аизара ахада Валери Малиа. Зегьы еизакны абиуџьет ахашәалахәы 800 миллион мааҭ ҟалеит, иара шьақәгылоуп аҳәынҭқарратә ԥаразшәарагьы налаҵаны. Малиа иажәақәа рыла, шықәсыки бжаки раԥхьа Апарламент аӡбамҭала иаанкылан Афонҿыцтәи аҳаԥыи Риҵатәи амилаҭ парки ирҭиуаз абилеҭқәа рҟынтәи ахәԥса иахырԥхьаӡалоз. Есышықәса арҭ аҭыԥқәа рҟынтәи 115-135 миллион мааҭ рҟынӡа араион иахырԥхьаӡалон.
Бадра Гәынба Владимир Путин Аконституциа амш идиныҳәалеит. Аԥсны ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, азакәан хада адкылара Урыстәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы ихадоу хҭысны ишыҟоу, иӷәӷәоу, зхы иақәиҭу, идемократиатәу ҳәынҭқаррак аҳасабала уи аҿиара астратегиатә мҩа шҳәаақәнаҵо. "Урыстәыла Афедерациа Аконституциа ауаатәыҩса рзинқәеи рхақәиҭреи шьақәнаргылоит, милаҭрацәа ахьеилахо аҳәынҭқарра ду акзаареи аҭышәынтәалареи рзы ишьаҭа ӷәӷәаны иҟоуп. Ажәларқәа аҭынчреи аҳәоуеиқәшәареи рыла инхоит, аиҩызареи аҳаҭырқәҵареи рытрадициақәа рыхьчоит", — ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҟны. Аԥсны аҳәынҭқарра аинфраструктуратәи атуристтәи ҿиараҿы имариоу аҭыԥқәа рзы ихымԥадатәиу астандартқәа" атемала астол гьежь мҩаԥысуеит Аҟәа. "Ҳара иналукааша атемақәа руак ҳалацәажәоит, избанзар иахьа арзҩыдареи ареабилитациеи рзы зеиԥш ыҟам алшара змоу туристтә тәыланы ҳхы ааҳарԥшуеит. Убри азы зеиҭаҵра маҷу атәылауаа рзы иҟоу аинфраструктура азҵаара ахаҭа уажәы актуалра адагьы аҳәынҭқарратә ҩаӡара ду амоуп", — лҳәеит Аинклиузивтә туризм ассоциациа анапхгаҩы Руслана Гьергьедааԥҳа. Аҟәа амшын аҟны иӡааҟәрылаз ахаҵа иԥшааразы Аԥсны Атәылахьчара аминистрра авертолиот рхы иадырхәеит.Аԥшаарақәа рҽаладырхәит урыстәылатәи аволонтиорцәагьы. Абри атәы "Аԥсныпресс" иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА иатәу аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа. "Ахархәара аҭоуп ҳтехника ҷыда зегьы, иара убас аныҩбжьыла аҵауларашәага зхы иазырхәо Москвантәи иааз урыстәылатәи аволонтиорцәа. Ари ахархәага иалнаршоит амшын аҵа агәаҭара", – иҳәеит иара.Сынтәа Гәдоуҭа араион ахашәалахәы 62,6 миллион мааҭ рыла еизҳаит ҳәа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аҭыԥантәи Аизара ахада Валери Малиа. Зегьы еизакны абиуџьет ахашәалахәы 800 миллион мааҭ ҟалеит, иара шьақәгылоуп аҳәынҭқарратә ԥаразшәарагьы налаҵаны. Малиа иажәақәа рыла, шықәсыки бжаки раԥхьа Апарламент аӡбамҭала иаанкылан Афонҿыцтәи аҳаԥыи Риҵатәи амилаҭ парки ирҭиуаз абилеҭқәа рҟынтәи ахәԥса иахырԥхьаӡалоз. Есышықәса арҭ аҭыԥқәа рҟынтәи 115-135 миллион мааҭ рҟынӡа араион иахырԥхьаӡалон.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/0c/1059690964_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_46c02e9132e7063a80d129f45555df94.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио