https://sputnik-abkhazia.info/20251212/1059699167.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсни Урыстәылеи руаажәларратә палатақәа адемографиа иазкыз азҵаарақәа ирылацәажәеит. Онлаин-еиԥылара мҩаԥысит Аԥсны АП алахәылацәеи адемографиеи, аҭаацәареи... 12.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-12T18:01+0300
2025-12-12T18:01+0300
2025-12-12T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/0c/1059699001_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_4e779e3f8b064a45efa6a19095c4804e.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсни Урыстәылеи руаажәларратә палатақәа адемографиа иазкыз азҵаарақәа ирылацәажәеит. Онлаин-еиԥылара мҩаԥысит Аԥсны АП алахәылацәеи адемографиеи, аҭаацәареи, ахәыҷқәеи, итрадициатәу аҭаацәаратә беиарақәеи рыхьчаразы Урыстәыла Ауаажәларратә палата акомиссиа ахантәаҩы Сергеи Рыбальченкои алархәны ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс". Ишьҭыхын Аԥсны аира ахьмаҷуи адемографиатә проблемақәеи рызҵаарақәа рыӡбаразы мҩақәас илхтәу. Ахәҭакахьала, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рыдгылареи аҭаацәаратә беиарақәа рырӷәӷәареи рызҵаарақәа ирылацәажәан.
Аԥсны аинклиузивтә туризм хымԥада аҿиара аҭара ауалԥшьоуп ҳәа азгәалҭеит ареспублика Атуризм аминистрра анализи азԥхьагәаҭареи рыҟәша аиҳабы Инара Бениаԥҳа. "Избанзар, ара аветеранцәа реиԥш згәабзиара еиҭашьақәыргылатәу, ма аплиажаҿы иара ус аԥсшьара зҭаху, згәабзиаратә ҭагылазаашьа уашәшәыроу егьырҭ ауаагьы нарылаҵаны хыԥхьаӡара рацәала аҭыԥантәи атәылауаа ргәабзиара аиҭашьақәыргылара зылшо хәшәтәырҭатә факторуп", — лҳәеитлара. Аплиажқәеи егьырҭ атуристтә инфраструктуреи рхархәара амариара атуристцәа рзы аманшәалара иацхраауеит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Бениаԥҳа.
Очамчыра аинклиузивтә плиаж ҟалоит ҳәа лҳәеит Аинклиузивтә туризм ассоциациа анапхгаҩы Руслана Гьергьедааԥҳа. Лара иазгәалҭеит уи зыбзоуроу Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд шакәу. Уи адагьы, Гьергьедааԥҳа еиҭалҳәеит Аԥсны Апарламент адепутат Резо Занҭариа ихарџь ала Очамчыра ахәыҷтәы реабилитациатә центр ширгылаз, уи хара имгакәа ишаартхо.
Урыстәылеи Аԥсни атрансҳәаатә ӡқәа рхылаԥшразы русеицура аихшьаалақәа ҟарҵеит. Аҩ-тәылак рҟны азинмчы змоу аусбарҭақәа Ԥсоу аӡиаси Амшын еиқәеи рҿы аӡы аҭагылазаашьа гәарҭеит. Еицымҩаԥгаз аӡы аԥышәарақәа иҟаҵаз алкаақәа ибзианы ишеиқәшәо аанарԥшит ҳәа аанацҳаит Урыстәыла аӡытә лшарақәа Рфедералтә маҵзура апресс-маҵзура.
Аԥсни Урыстәылеи руаажәларратә палатақәа адемографиа иазкыз азҵаарақәа ирылацәажәеит. Онлаин-еиԥылара мҩаԥысит Аԥсны АП алахәылацәеи адемографиеи, аҭаацәареи, ахәыҷқәеи, итрадициатәу аҭаацәаратә беиарақәеи рыхьчаразы Урыстәыла Ауаажәларратә палата акомиссиа ахантәаҩы Сергеи Рыбальченкои алархәны ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс". Ишьҭыхын Аԥсны аира ахьмаҷуи адемографиатә проблемақәеи рызҵаарақәа рыӡбаразы мҩақәас илхтәу. Ахәҭакахьала, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рыдгылареи аҭаацәаратә беиарақәа рырӷәӷәареи рызҵаарақәа ирылацәажәан.Аԥсны аинклиузивтә туризм хымԥада аҿиара аҭара ауалԥшьоуп ҳәа азгәалҭеит ареспублика Атуризм аминистрра анализи азԥхьагәаҭареи рыҟәша аиҳабы Инара Бениаԥҳа. "Избанзар, ара аветеранцәа реиԥш згәабзиара еиҭашьақәыргылатәу, ма аплиажаҿы иара ус аԥсшьара зҭаху, згәабзиаратә ҭагылазаашьа уашәшәыроу егьырҭ ауаагьы нарылаҵаны хыԥхьаӡара рацәала аҭыԥантәи атәылауаа ргәабзиара аиҭашьақәыргылара зылшо хәшәтәырҭатә факторуп", — лҳәеитлара. Аплиажқәеи егьырҭ атуристтә инфраструктуреи рхархәара амариара атуристцәа рзы аманшәалара иацхраауеит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Бениаԥҳа. Очамчыра аинклиузивтә плиаж ҟалоит ҳәа лҳәеит Аинклиузивтә туризм ассоциациа анапхгаҩы Руслана Гьергьедааԥҳа. Лара иазгәалҭеит уи зыбзоуроу Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд шакәу. Уи адагьы, Гьергьедааԥҳа еиҭалҳәеит Аԥсны Апарламент адепутат Резо Занҭариа ихарџь ала Очамчыра ахәыҷтәы реабилитациатә центр ширгылаз, уи хара имгакәа ишаартхо. Урыстәылеи Аԥсни атрансҳәаатә ӡқәа рхылаԥшразы русеицура аихшьаалақәа ҟарҵеит. Аҩ-тәылак рҟны азинмчы змоу аусбарҭақәа Ԥсоу аӡиаси Амшын еиқәеи рҿы аӡы аҭагылазаашьа гәарҭеит. Еицымҩаԥгаз аӡы аԥышәарақәа иҟаҵаз алкаақәа ибзианы ишеиқәшәо аанарԥшит ҳәа аанацҳаит Урыстәыла аӡытә лшарақәа Рфедералтә маҵзура апресс-маҵзура.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/0c/1059699001_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_a3a885f43fd3cb5414819e9462ce59bc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио