Барцыц: Аԥсны евразиатәи аҵакыра иахәҭакхоит, уи иамоу алогистикатә лшарақәа ирыбзоураны
18:21 13.12.2025 (ирҿыцуп: 18:33 13.12.2025)

© Sputnik / Алексей Майшев
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik. Аԥсны евразиатәи аҵакыра иахәҭакны иҟалоит, уи иамоу атранспорттә, атранзиттә, алогистикатә лшарақәа ирыбзоураны ҳәа иԥхьаӡоит атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа анапхгаҩи ААУ "Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа" астудентцәеи иареи реиԥылараҿы еиҭеиҳәеит 10-15 шықәса рышьҭахь ареспублика жәларбжьаратәи аполитикаҿы ҭыԥс ианнакыло атәы шибо.
"Сара гәыҩбара сымам, Аԥсны иахәҭоу аҭыԥ шааннакыло аглобалтә политикеи аекономика рхырхарҭақәа рҟны. Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема агәаҭара ӷәӷәа иахысуеит. Ҳара арҭ иуадаҩӡоу апроцессқәа рҿы ихьыԥшым аҳәынҭқарра ароль наҳагӡалароуп, ҳәарада, иаҳҩызоу, ҳацәажәара иазхиоу, ацхыраара ҳазҭо, ҳиашара иадгыло ҳҩызцәа ҳрыцны", — ҳәа аанацҳауеит АдәАР апресс-маҵзура.