ИҳәИА апроектқәеи Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль агранттә еицлабрақәеи ӡыргахоит Аԥсны
20:28 13.12.2025 (ирҿыцуп: 21:20 13.12.2025)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik. "Иҳәаадоу иҳәынҭқарратәым акоммерциатә еиҿкаарақәа" (НКО) апроектқәеи Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа агранттә еицлабрақәеи рӡыргара мҩаԥгахоит Аԥсны, жәларбжьаратәи афорум "Аус бзиақәа раамҭа" аҳәаақәа иҭагӡаны.
Ԥхынҷкәын 16 инаркны 18 рҟынӡа ареспублика ақалақьқәа хԥа рҟны аиԥыларақәа мҩаԥгахоит, уаҟа иддырбоит агранттә еицлабрақәа рылшарақәеи, асоциалтәии агуманитартәии проектқәа адгылара рыҭаразы иҟоу амеханизмқәеи, иара убас рхатәы аԥшьгарақәа рынагӡаразы аинновациатә идеиақәа аус шрыдулатәу ддырҵоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Аурыс ҩны.
Ԥхынҷкәын 16 асааҭ 14:00 рзы апроектқәа ӡырыргоит Очамчыратәи абжьаратә школ №2 аҟны, ԥхынҷкәын 17 асааҭ 14:00 рзы — астратегиатә сессиа Тҟәарчалтәи абжьаратә школ №2 аҟны, ԥхынҷкәын 18 асааҭ 11:00 рзы — Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иӡыргахоит, асааҭ 14:00 рзы астратегиатә сессиа мҩаԥысуеит Аԥсны амилаҭтә библиотекаҟны.
Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа — Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра, иавтономтәу акоммерциатә еиҿкаара "ИСКРА".