https://sputnik-abkhazia.info/20251216/1059759650.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Ақыҭанхамҩа аԥаразоужьра азҵаара иалацәажәан Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистр лԥылаараан иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа... 16.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-16T13:01+0300
2025-12-16T13:01+0300
2025-12-16T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/10/1059759484_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_1230b091ed18720cead5ccaa1d80875c.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Ақыҭанхамҩа аԥаразоужьра азҵаара иалацәажәан Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистр лԥылаараан иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа. Ари ахырхарҭа аҿиара ҩ-усбарҭак русеицура амшхәаԥштә аҿы иқәгылоуп, аха аԥаразоужьра азҵаарагьы уахь иналаҵаны, аус зыдулатәу аҷыдарақәа ыҟоуп ҳәа иҳәеит аминистр. Иара иажәақәа рыла, иааиуа ашықәсаз 500 млн мааҭ рҟынӡа инаӡо Ақыҭанхамҩа аминистрра азеиԥш биуџьет ахәҭак, ақыҭанхамҩа аусзуҩцәа рхарџьқәа рхарҭәаараз иазԥхьагәаҭоуп
Ааигәа Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит 2024 шықәсазы Аԥсны ирыдыркылаз азакәан "Еиҭамҵуа амазара акадастр азы" амч аанкылазарц ԥхынгәымза 1 2027 шықәсанӡа. Ари азакәан аус зазамуз, иарбан шьаҿақәоу анаҩс иҟаҵахо, абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит азиндырҩы Лаша Цаава. Иҳәеит акадастр азы азакәан аусураз иаҭахыз атехника зегь рыла еиқәыршәан, аха аус азамуит. Ари аӡәы имацара иакәымкәан уи аус иалахәыз зегьы ахара рыдоуп ҳәа.
Аҳәынҭқарра аганахьала аиразын зныкала иршәо аԥара аусқәа зегь азыӡбаӡом. Араҟа иӡбатәу азҵаарақәа рацәоуп иара иадҳәалоу ақыҭанхамҩа, асоциалтә уҳәа ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аефир аҿы Ауаажәларратә палата алахәыла Дауҭ Агрба.Иазгәеиҭеит ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәа аусурҭа ҭыԥлагь ишеиқәыршәатәу, ахәыҷы диаанӡагь аҭаацәара аԥҵаразынгьы уҳәа аҳәынҭқарратә программак аԥҵаны иӡбатәу азҵаарақәа шырацәоу. Иҳәеит абарҭ азҵаара аныӡбамха амилаҭ ашәарҭара ишҭагылоу.
Жәа-тоннак иназынаԥшуа амандарина Аԥснынтәи Донбассҟа идәықәҵахоит.Аԥсны ахада инапынҵала агуманитартә еидара нагахоит Херсон, Запорожие, Донецк, Луганск ақалақьқәа рҿы. Уи мҩаԥигоит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа. Абри атәы аанацҳаит Аԥсуа телехәаԥшра. Амандаринеи, иара убас аԥатлыка иҭоу аӡи рызнагахоит Урыстәыла арегион ҿыцқәа руааԥсыреи "Донбасстәи абнатә дивизиа" аибашьцәеи. Акциа еиҿкаауп Аԥснытәи аерманцәа реилазаареи, Аԥснытәи ацитрустә еилахәыреи, ареспублика анаԥхгареи ауааԥсыреи иҟарҵз ацхыраарала.
Ақыҭанхамҩа аԥаразоужьра азҵаара иалацәажәан Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистр лԥылаараан иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа. Ари ахырхарҭа аҿиара ҩ-усбарҭак русеицура амшхәаԥштә аҿы иқәгылоуп, аха аԥаразоужьра азҵаарагьы уахь иналаҵаны, аус зыдулатәу аҷыдарақәа ыҟоуп ҳәа иҳәеит аминистр. Иара иажәақәа рыла, иааиуа ашықәсаз 500 млн мааҭ рҟынӡа инаӡо Ақыҭанхамҩа аминистрра азеиԥш биуџьет ахәҭак, ақыҭанхамҩа аусзуҩцәа рхарџьқәа рхарҭәаараз иазԥхьагәаҭоупАаигәа Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит 2024 шықәсазы Аԥсны ирыдыркылаз азакәан "Еиҭамҵуа амазара акадастр азы" амч аанкылазарц ԥхынгәымза 1 2027 шықәсанӡа. Ари азакәан аус зазамуз, иарбан шьаҿақәоу анаҩс иҟаҵахо, абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит азиндырҩы Лаша Цаава. Иҳәеит акадастр азы азакәан аусураз иаҭахыз атехника зегь рыла еиқәыршәан, аха аус азамуит. Ари аӡәы имацара иакәымкәан уи аус иалахәыз зегьы ахара рыдоуп ҳәа.Аҳәынҭқарра аганахьала аиразын зныкала иршәо аԥара аусқәа зегь азыӡбаӡом. Араҟа иӡбатәу азҵаарақәа рацәоуп иара иадҳәалоу ақыҭанхамҩа, асоциалтә уҳәа ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аефир аҿы Ауаажәларратә палата алахәыла Дауҭ Агрба.Иазгәеиҭеит ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәа аусурҭа ҭыԥлагь ишеиқәыршәатәу, ахәыҷы диаанӡагь аҭаацәара аԥҵаразынгьы уҳәа аҳәынҭқарратә программак аԥҵаны иӡбатәу азҵаарақәа шырацәоу. Иҳәеит абарҭ азҵаара аныӡбамха амилаҭ ашәарҭара ишҭагылоу.Жәа-тоннак иназынаԥшуа амандарина Аԥснынтәи Донбассҟа идәықәҵахоит.Аԥсны ахада инапынҵала агуманитартә еидара нагахоит Херсон, Запорожие, Донецк, Луганск ақалақьқәа рҿы. Уи мҩаԥигоит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа. Абри атәы аанацҳаит Аԥсуа телехәаԥшра. Амандаринеи, иара убас аԥатлыка иҭоу аӡи рызнагахоит Урыстәыла арегион ҿыцқәа руааԥсыреи "Донбасстәи абнатә дивизиа" аибашьцәеи. Акциа еиҿкаауп Аԥснытәи аерманцәа реилазаареи, Аԥснытәи ацитрустә еилахәыреи, ареспублика анаԥхгареи ауааԥсыреи иҟарҵз ацхыраарала.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/10/1059759484_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_7b74da4af2546f395cdd9f1fa73680f5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио