Аҩада Гәылрыԥшь ақыҭан иҟоу аӡиас Парнаут аӡыршьҭра арыцқьара иалагеит
21:52 17.12.2025 (ирҿыцуп: 10:36 18.12.2025)

© Sputnik / Артур Лебедев
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. Аҩада Гәылрыԥшь ақыҭан иҟоу аӡиас Парнаут аӡыршьҭра арыцқьара иалагеит иҳәеит Маҷара ақыҭа ахада Денис Ҳаџьымба.
Ирыцқьахоит 700 метра аӡыршьҭра.
Анхарҭа-коммуналтә усбарҭа ахада Ҭемыр Наҷҟьебиа иажәақәа рыла, аусурақәа араион ахарџьи алеи рхатә техника ҷыда амчалеи имҩаԥысуеит.
Ақәаршҩы анлеиуаз аӡиас шьҭыҵын амҩа ҵнаӡәӡәааит, уигьы аремонт азыруеит.