https://sputnik-abkhazia.info/20251218/1059824255.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Дранда ацҳа ҿыц аргылара иалагеит.Уажәы ажәытә еибаргырақәа ақәгара иаҿуп, анаҩс аргылаҩцәа ашьаҟақәа рышьақәыргылара, рҭаҭәара, рырӷәӷәара иалагоит ҳәа... 18.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-18T13:01+0300
2025-12-18T13:01+0300
2025-12-18T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/12/1059824089_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_8dcfcc7ea7d881d452e87922f60de70b.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Дранда ацҳа ҿыц аргылара иалагеит.Уажәы ажәытә еибаргырақәа ақәгара иаҿуп, анаҩс аргылаҩцәа ашьаҟақәа рышьақәыргылара, рҭаҭәара, рырӷәӷәара иалагоит ҳәа анацҳауеит Гәылрыԥшь араион ахадара.Анхарҭа-коммуналтә усбарҭа аиҳабы Ҭемыр Начҟьебиа иажәақәа рыла, аусурақәа аԥара рзоужьуп аҳәынҭбиуџьет аҟынтәи.Ацҳа аргылара хыркәашахоит ашықәсыҿыцазтәи аныҳәақәа рышьҭахь.
Аԥсны Урыстәылаҟа 19 нызқь тонна инареиҳаны амандарина дәықәнаҵахьеит асезон иалагазар.Ҵыԥх ари аамҭахҵәазы атәыла иалган 24 нызқь тонна амандарина.Иара убас Аԥснынтәи Урыстәылаҟа идәықәырҵоит егьырҭ ашәырқәа: афеихоа, алимон, ахәырма, апатырқал.
82 нызқьмааҭ рыхә апиротехника рымырхит аҟәатәи аџьармыкьаҿы.Аҳҭнықалақь аҿы инхо М.К. Каџьаиа азиншәҟәқәа зцымыз 182 цыра атауар лыдырбалеит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.Апиротехника Китаи иҭрыжьит, адыргаҭарақәа қырҭшәала ирнын.Аԥҳәыс илҳәеит аиҭаҭиразы атауар шаалхәаз, лхаразы ахараԥса ашәара дшазыхиоу.Аус аматериалқәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусеилыргареи аҳазалхратә ҭҵаареи рыҟәшахьы инашьҭуп.
Аԥсны урыстәылатәи ахши ахҷаҭи римпортиор-ҳәынҭқарра дуқәа хәба ирхыԥхьаӡалоуп.Урыстәыла анҭыҵ ишьҭу аалыҵ азеиԥш хәыԥса иартәеит 40 млн доллар, уи ииасыз ашықәс азы аасҭа 23% рыла еиҳауп.Аԥсныҟа иаагоу ахши ахҷаҭи азеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 7% шьақәнартәоит.Аекспорт амҽхак абжеиҳара — 54% — Ҟазахсҭанҟа инанашьҭуеит. Иара убас асиа иарбоуп атәылақәа Киргизиа, Беларусь, Қырҭтәыла.
Ацәыргақәҵа "Аӡын ҿыц" аатуеит The Wall Gallery аҿы ԥхынҷкәын 18 рзы.Аекспозициа еизгоуп еицырдыруа аԥсуа, асоветтә сахьаҭыхыҩцәа, аҿыханҵеи аграфикеи азҟазацәа русумҭақәа рыла, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ацәыргақәҵатә зал анапхгаҩы Ольга Ирадиан.Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Адгәыр Ӡиӡариа, Адриан Амԥар, Ахра Аџьынџьал, Варвара Бубнова уҳәа егь.Зынӡа ицәыргахоит ХХ ашә. алагамҭа инаркны еиуеиԥшым ажанрқәа рыла иҭыху 25 сахьа."Аекспозициа азеиԥш тематика "Аԥснытәи аӡын" ала еизгоуп", — лҳәеит Ольга Ирадиан.Ацәыргақәҵа аартызаауеит 2026 шықәса жәабранмза нҵәаанӡа.
Дранда ацҳа ҿыц аргылара иалагеит.Уажәы ажәытә еибаргырақәа ақәгара иаҿуп, анаҩс аргылаҩцәа ашьаҟақәа рышьақәыргылара, рҭаҭәара, рырӷәӷәара иалагоит ҳәа анацҳауеит Гәылрыԥшь араион ахадара.Анхарҭа-коммуналтә усбарҭа аиҳабы Ҭемыр Начҟьебиа иажәақәа рыла, аусурақәа аԥара рзоужьуп аҳәынҭбиуџьет аҟынтәи.Ацҳа аргылара хыркәашахоит ашықәсыҿыцазтәи аныҳәақәа рышьҭахь.Аԥсны Урыстәылаҟа 19 нызқь тонна инареиҳаны амандарина дәықәнаҵахьеит асезон иалагазар.Ҵыԥх ари аамҭахҵәазы атәыла иалган 24 нызқь тонна амандарина.Иара убас Аԥснынтәи Урыстәылаҟа идәықәырҵоит егьырҭ ашәырқәа: афеихоа, алимон, ахәырма, апатырқал.82 нызқьмааҭ рыхә апиротехника рымырхит аҟәатәи аџьармыкьаҿы.Аҳҭнықалақь аҿы инхо М.К. Каџьаиа азиншәҟәқәа зцымыз 182 цыра атауар лыдырбалеит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.Апиротехника Китаи иҭрыжьит, адыргаҭарақәа қырҭшәала ирнын.Аԥҳәыс илҳәеит аиҭаҭиразы атауар шаалхәаз, лхаразы ахараԥса ашәара дшазыхиоу.Аус аматериалқәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусеилыргареи аҳазалхратә ҭҵаареи рыҟәшахьы инашьҭуп.Аԥсны урыстәылатәи ахши ахҷаҭи римпортиор-ҳәынҭқарра дуқәа хәба ирхыԥхьаӡалоуп.Урыстәыла анҭыҵ ишьҭу аалыҵ азеиԥш хәыԥса иартәеит 40 млн доллар, уи ииасыз ашықәс азы аасҭа 23% рыла еиҳауп.Аԥсныҟа иаагоу ахши ахҷаҭи азеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 7% шьақәнартәоит.Аекспорт амҽхак абжеиҳара — 54% — Ҟазахсҭанҟа инанашьҭуеит. Иара убас асиа иарбоуп атәылақәа Киргизиа, Беларусь, Қырҭтәыла.Ацәыргақәҵа "Аӡын ҿыц" аатуеит The Wall Gallery аҿы ԥхынҷкәын 18 рзы.Аекспозициа еизгоуп еицырдыруа аԥсуа, асоветтә сахьаҭыхыҩцәа, аҿыханҵеи аграфикеи азҟазацәа русумҭақәа рыла, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ацәыргақәҵатә зал анапхгаҩы Ольга Ирадиан.Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Адгәыр Ӡиӡариа, Адриан Амԥар, Ахра Аџьынџьал, Варвара Бубнова уҳәа егь.Зынӡа ицәыргахоит ХХ ашә. алагамҭа инаркны еиуеиԥшым ажанрқәа рыла иҭыху 25 сахьа."Аекспозициа азеиԥш тематика "Аԥснытәи аӡын" ала еизгоуп", — лҳәеит Ольга Ирадиан.Ацәыргақәҵа аартызаауеит 2026 шықәса жәабранмза нҵәаанӡа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/12/1059824089_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_37f68308c77f527701cb67c7a14130fc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио