00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ҳара ҳжәар
13:29
1 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны аусзуҩцәа аицлабра "Взгляд-2025" аноминациақәа хәба рҿы аиааира ргеит ▪️Белла Кәарҷиаԥҳа аноминациақәа "Иреиӷьу арадиоматериал "Жәлар рдипломатиа 100 шықәса ахыҵра" рҿы аҳамҭа ланашьахеит. ▪️Наала Мықәԥҳа аноминациа "Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Россотрудничество ахаҭарнакра аусуреи Урыстәылеи Аԥсни ркультура-гуманитартә усеицура атрадициақәеи " аҿы дреиӷьхеит.▪️ Лана Аԥшьлааԥҳа – аноминациа ҷыда "ИАО (СВО) атематика " аҟны. ▪️ Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа – аноминациа "Аинтернет ресурсқәа, ахатәы блогқәа рҿы иреиӷьу аматериал" аҿы. Иара убасгьы, Россотрудничество аусура профессионалла аарԥшреи Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы хәы змаӡам алагалеи рзы амаҵзура Sputnik Аԥсны аџьшьаратә шәҟәы анашьахеит.
Урыстәылатәи аҳақьымцәа мҽхакы ҭбаалатәи адиспансеризациа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны инхо ахәыҷқәа 26 928-ҩык гәарҭеит. Агәаҭарақәа мҩаԥысуан жәабранмза 12 инаркны лаҵарамза 23 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит ареспублика Агәабзиарахьчара аминистрра. 16 нызқьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа рчымазарақәа раԥхьаӡа акәны ицәырган. Ари адырра анаҩстәи ахылаԥшразы Агәабзиарахьчара аминистррахь инашьҭын.
Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаатит ацәыргақәҵатә еицлабра "Ашықәс иреиӷьу аусумҭа". Аекспозициаҿы ицәыргоуп 40 инареиҳаны ашықәс иалагӡаны иаԥҵоу аҿыханҵа, аграфика, аскульптура, аҩычага-хархәаратә ҟазара ржанрқәа ирыҵаркуа аҭыхымҭақәа. Ԥхынҷкәынмзазы асахьаҭыхыҩцәа рхеилак иалнахуеит иреиӷьу ҳәа ахьӡ аиуразы иқәыргылоу аусумҭақәа рҟынтәи хԥа. Аҵыхәтәантәи аҩышықәса рыҩнуҵҟа аицлабра мҩаԥгамызт Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбраҿы иҟалаз амцакра иахҟьаны. "Есышықәа иазхаҵоу аҟазацәагьы, асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәагьы, ҿыц зымҩа хацзыркуагьы ҵакырак аҿы реиԥылараз илшароуп ", — ҳәа азгәалҭеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Аицлабра "Аԥсны абжьгара ҟанаҵоит" рхы аладырхәыр рылшоит асасдкылара аусхк аусзуҩцәа рхала, ма егьырҭ рабжьгарала. "Аԥсны Акоманда" адиректор хада Гьаргь Габуниа иажәақәа рыла, апроект хықәкыс иамоуп зусурала атуристцәа рҿаԥхьа атәыла ахаҿра шьақәзыргыло хыԥхьаӡара рацәала ауаа русура аарԥшра. "Урҭ ауаа гәыла- ԥсыла, гәыблыла рус ҟарҵоит, хыԥхьаӡара рацәала ауаа рҿаԥхьа Аԥсны аинтерес аҵаны, улаԥш адхалартә ирыдыргалоит", — ҳәа иҳәеит иара.
Ажәабжьқәа зегьы
0