https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/14403
Аԥсны ахада Иусбарҭаҟны ашьхааӡаҩцәа рыцхыраара иалацәажәеит
Аԥсны ахада Иусбарҭаҟны ашьхааӡаҩцәа рыцхыраара иалацәажәеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Аԥснытәи ашьхааӡаҩцәа адгылара рыҭара иалацәажәеит атәыла ахада Иусбарҭаҟны имҩаԥысыз аиԥылараҟны. Абри атәы аанацҳауеит атәыла... 19.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-19T18:47+0300
2025-12-19T18:47+0300
2025-12-19T20:03+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/13/1059874464_0:42:800:492_1920x0_80_0_0_aeb58446be6ac17f6138936b7d8a92c4.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Аԥснытәи ашьхааӡаҩцәа адгылара рыҭара иалацәажәеит атәыла ахада Иусбарҭаҟны имҩаԥысыз аиԥылараҟны. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Арҭ аԥарақәа рыла иаархәеит зқьи бжаки инареиҳаны ашьхапакетқәа, ацхаԥшыгақәа, ацәацәашь аҭыжьразы ацәаҳәа. Ауадаҩра хадақәа ируакуп аалыҵ аҭиреи уи аҳәаа ахыгаразы апроцедурақәа рырмариареи ҳәа азгәарҭеит аиԥылараҿы. Иара убасгьы ирылацәажәеит зыхә мариоу, зхаҭабзиара лаҟәу аимпорттә цха алагалара азинҟамҵареи Очамчыра ацха аус адуларазы анаплакы аусура аларгареи рызҵаарақәа. Уи анаплакы жәа-шықәса инареиҳаны раԥхьа абиуџьет ахарџь ала иаԥҵан, аха уи хра аманы аусура залыршамхеит. Аҳәынҭқарра ахада Ақыҭанхамҩа аминистрра анапынҵа аиҭеит ажьырныҳәамза нҵәаанӡа иқәыргылоу адҵақәа зегьы рыӡбаразы ажәалагалақәа аздырхиарц.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/13/1059874464_45:0:756:533_1920x0_80_0_0_8cf60f4b21aea89034f34706d0cb4e6c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥсны ахада Иусбарҭаҟны ашьхааӡаҩцәа рыцхыраара иалацәажәеит
18:47 19.12.2025 (ирҿыцуп: 20:03 19.12.2025) АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Аԥснытәи ашьхааӡаҩцәа адгылара рыҭара иалацәажәеит атәыла ахада Иусбарҭаҟны имҩаԥысыз аиԥылараҟны. Абри атәы
аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Бадра Гәынба адырра ииҭеит 2022 шықәса инаркны 2025 шықәсанӡа ари аусхк адгыларазы 23 млн мааҭ инареиҳаны ишазоурыжьхьоу.
Арҭ аԥарақәа рыла иаархәеит зқьи бжаки инареиҳаны ашьхапакетқәа, ацхаԥшыгақәа, ацәацәашь аҭыжьразы ацәаҳәа.
Ауадаҩра хадақәа ируакуп аалыҵ аҭиреи уи аҳәаа ахыгаразы апроцедурақәа рырмариареи ҳәа азгәарҭеит аиԥылараҿы.
Иара убасгьы ирылацәажәеит зыхә мариоу, зхаҭабзиара лаҟәу аимпорттә цха алагалара азинҟамҵареи Очамчыра ацха аус адуларазы анаплакы аусура аларгареи рызҵаарақәа. Уи анаплакы жәа-шықәса инареиҳаны раԥхьа абиуџьет ахарџь ала иаԥҵан, аха уи хра аманы аусура залыршамхеит.
Аҳәынҭқарра ахада Ақыҭанхамҩа аминистрра анапынҵа аиҭеит ажьырныҳәамза нҵәаанӡа иқәыргылоу адҵақәа зегьы рыӡбаразы ажәалагалақәа аздырхиарц.