00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
13:00
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:20
6 мин
14:26
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
Интервью с автором лучшей картины 2025 года
14:34
2 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
"Аимҵакьачаразы" ачемпионат хыркәшоуп: аиааира згаз агәыԥ анапхгаҩы ицәажәара
18:19
12 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭахь арра инарыԥхьаз аҭоуба шьҭарҵеит.Аныҳәатә хәҭа мҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аполковник Рустам Латипов инапхгарала.Аррамаҵзурауаа рыдҵаҟаҵаҩцәеи рҭаацәеи рҿаԥхьа гәык-ԥсыкала Рыԥсадгьыли, фырхаҵарыла, хацәнымырха ртәыла аҳәаақәа шырыхьчало азы ҭоуба руит.Аԥсны АшәМ аиҳабы Дмитри Дбар аҿар ирыдиныҳәалеит."Арратә ҭоубашьҭаҵара — Аԥсадгьыли аҭаацәеи рахь абзиабара иасимволуп, убри инаркны иалагоит ртәыла амаҵ аура", — аҳәоит адныҳәалара атекст.
Аҟәа аӡымҽхак аҟны амшын иагаз Иван Зарандиа иԥшаара иацҵоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА Аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.Аԥшаарақәа ирылахәуп АҶА аиқәырхаҩцәеи Урыстәылантәи иааԥхьоу аӡхәыҵалаҩцәеи. Сабуа иҳәеит раԥхьатәи амшқәа рзы аԥшаарақәа ишрылахәыз Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә ҟәша аусзуҩцәа, аӡхәыҵалаҩцәа-рклуб ахаҭарнакцәа, иара убас, ахархәара аман Атәылахьчара аминистрра авертолиот.Ҳара абжьааԥны жәамш рышьҭахь аԥшаарақәа хҳаркәшон, аха ауацәа иҟарҵаз аҳәарала урҭ ирыцаҳҵоит", — иҳәеит Сабуа.
Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аиҭашьақәыргыларазы иадыркит, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит амузеи аиҳабы Светлана Қәарсаииаԥҳа.Аремонттә усурақәа ашықәс ҿыц азы ирылагарц ргәы иҭоуп аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи иазоужьу аԥарақәа рыла. Урҭ шықәсык аҟара ицалар ҟалоит."Уажәы аекспонатқәа реизгара ҳаҿуп, урҭ Амилаҭтә библиотекахь аҵәахразы иаҳгоит", — ҳәа азгәалҭеит лара.Амузеи аусзуҩцәа жәаҩык ыҟоуп, дара русура иацҵахоит аамҭала ахыбра шаркызаауагьы лҳәеит лара.
Афонҿыцтәи "Аԥсар" аԥсуа милаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" азы ачемпионат иаиааит адуцәа рыбжьара, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Амилаҭтә спорт хәмаррақәа рфедерациа ахада Адгәыр Гәынба.Аҩбатәи аҭыԥ иаԥсахеит "Ҷлоуаа", ахԥатәи — Кәтол ақыҭа акоманда.Ақәыԥшцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ргеит Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа, аҩбатәи — актәи абжьаратә школ, ахԥатәи — акоманда «Дәрыԥшь».Гәынба иажәақәа рыла, ачемпионат есышықәсатәихоит. Иааиуа ашықәс азы амилаҭтә хәмаррақәа даҽа ҩба ралагалара азгәаҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0