https://sputnik-abkhazia.info/20251223/1059958472.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
2026 шықәсазы афымцамчԥхьаӡагақәа раахәаразы 700 млн мааҭ азоужьхоит. Ари ахарџь аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны аҩнеихагылақәа зегьы афымцамчԥхьаӡага ҿыцқәа рыла... 23.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-23T13:30+0300
2025-12-23T13:30+0300
2025-12-23T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/17/1059958306_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_1fab2dd2aa958db574b6a5666c4a2eae.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
2026 шықәсазы афымцамчԥхьаӡагақәа раахәаразы 700 млн мааҭ азоужьхоит. Ари ахарџь аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны аҩнеихагылақәа зегьы афымцамчԥхьаӡага ҿыцқәа рыла еиқәыршәахоит иҳәеит афинансқәа рминистр Саид Гәбаз. "Уи адагьы, иазоужьу афинансқәа афымцамчԥхьаӡагақәа раахәареи рышьақәыргылареи рыдагьы, урҭ аҩнеихагылақәа рыҩнуҵҟа афымцаҳақәа рыԥсахрагьы алнаршоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо.
Женеватәи аиҿцәажәарақәа, Аԥсны апозициа ҿыӷәӷәала аҳәара алзыршо формат заҵәыкны иҟоуп иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу аҭо ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц. Иара Женева имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа алҵшәа рымам, урҭ рылахәрагьы хра аҵам ҳәа иҟоу агәаанагара дадгылаӡом. "Ҳәарада Аԥсны ари аҩыза аформат иалҵыр алшоит. Аха иарбан лҵшәас уи иаҳнаҭо? Ҳапроблемақәеи ҳԥеиԥшқәеи ирылацәажәалоит, аха ҳара ҳада ", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аусбарҭа ахада. Аԥсны аделегациа, Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы аиҿцәажәарақәа аҵыхәтәантәи, 65-тәи рраунд аҿы ҩаԥхьа иааннакыло апозициа атәы азгәанаҭеит ҳәа иҳәеит Барцыц.
Ҩ-нызқьҩык инареиҳаны амигрантцәа идыргамаз Еиҿкаау ацәгьоуратә гәыԥ (ОПГ) алахәылацәа ааныркылеит Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә мацзура аусзуҩцәа. Иаанкылоуп аиҿкааҩи 20-ҩык инареиҳаны агәыԥ алахәылацәеи ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы. Ԥарала дара аҳәаанырцәуаа ирыцхраауан аусутә визақәа рыла атәыла аҭаларазы аиурист хаҿқәа рҟынтәи иԥаршеиу ааԥхьарақәа реиқәыршәарала.Абас ала дара 500 млн мааҭ рҟынӡа дырҳаит. Амчратә усзуҩцәа 60 инареиҳаны аԥшаарақәа мҩаԥыргеит Ростовтәи, Новгородтәи, Ленинградтәи, Ивановтәи аобластқәеи Пермтәи атәылаҿацәи рҿы, ирымырхит иԥаршеиу ашәҟәбӷьыцқәеи аԥара рацәеи.Ашьаусқәа хацыркуп.
Амедиатә шьапылампылтә лига ааԥынтәи асезон аҿы АК "Аԥсны" хәмарраны иҟоуп. ЖәАЛ ахада Николаи Осипов иажәақәа рыла акоманда асезон аҳәаақәа ирҭагӡаны 4-5 ҩнытә хәмаррақәа мҩаԥнагар алшоит."Ари аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩнуҵҟа аҿыццәа рыбжьара зегь раасҭа аԥеиԥш ду змоу командан иҟоуп", — ҳәа иҳәеит Николаи Осипов.
2026 шықәсазы афымцамчԥхьаӡагақәа раахәаразы 700 млн мааҭ азоужьхоит. Ари ахарџь аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны аҩнеихагылақәа зегьы афымцамчԥхьаӡага ҿыцқәа рыла еиқәыршәахоит иҳәеит афинансқәа рминистр Саид Гәбаз. "Уи адагьы, иазоужьу афинансқәа афымцамчԥхьаӡагақәа раахәареи рышьақәыргылареи рыдагьы, урҭ аҩнеихагылақәа рыҩнуҵҟа афымцаҳақәа рыԥсахрагьы алнаршоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо. Женеватәи аиҿцәажәарақәа, Аԥсны апозициа ҿыӷәӷәала аҳәара алзыршо формат заҵәыкны иҟоуп иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу аҭо ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц. Иара Женева имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа алҵшәа рымам, урҭ рылахәрагьы хра аҵам ҳәа иҟоу агәаанагара дадгылаӡом. "Ҳәарада Аԥсны ари аҩыза аформат иалҵыр алшоит. Аха иарбан лҵшәас уи иаҳнаҭо? Ҳапроблемақәеи ҳԥеиԥшқәеи ирылацәажәалоит, аха ҳара ҳада ", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аусбарҭа ахада. Аԥсны аделегациа, Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы аиҿцәажәарақәа аҵыхәтәантәи, 65-тәи рраунд аҿы ҩаԥхьа иааннакыло апозициа атәы азгәанаҭеит ҳәа иҳәеит Барцыц. Ҩ-нызқьҩык инареиҳаны амигрантцәа идыргамаз Еиҿкаау ацәгьоуратә гәыԥ (ОПГ) алахәылацәа ааныркылеит Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә мацзура аусзуҩцәа. Иаанкылоуп аиҿкааҩи 20-ҩык инареиҳаны агәыԥ алахәылацәеи ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы. Ԥарала дара аҳәаанырцәуаа ирыцхраауан аусутә визақәа рыла атәыла аҭаларазы аиурист хаҿқәа рҟынтәи иԥаршеиу ааԥхьарақәа реиқәыршәарала.Абас ала дара 500 млн мааҭ рҟынӡа дырҳаит. Амчратә усзуҩцәа 60 инареиҳаны аԥшаарақәа мҩаԥыргеит Ростовтәи, Новгородтәи, Ленинградтәи, Ивановтәи аобластқәеи Пермтәи атәылаҿацәи рҿы, ирымырхит иԥаршеиу ашәҟәбӷьыцқәеи аԥара рацәеи.Ашьаусқәа хацыркуп.Амедиатә шьапылампылтә лига ааԥынтәи асезон аҿы АК "Аԥсны" хәмарраны иҟоуп. ЖәАЛ ахада Николаи Осипов иажәақәа рыла акоманда асезон аҳәаақәа ирҭагӡаны 4-5 ҩнытә хәмаррақәа мҩаԥнагар алшоит."Ари аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩнуҵҟа аҿыццәа рыбжьара зегь раасҭа аԥеиԥш ду змоу командан иҟоуп", — ҳәа иҳәеит Николаи Осипов.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/17/1059958306_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_54aa2b549112ffd69bdd46d84238ee45.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио