Ԥлиа: Гал араион аҿы зегь реиҳа аԥыжәара змоу хырхарҭахеит — ақыҭанхамҩа
09:44 26.12.2025 (ирҿыцуп: 10:31 26.12.2025)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Гал араион аҿы зегь реиҳа аԥыжәара змоу хырхарҭахеит — ақыҭанхамҩа ҳәа арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит араион ахада Константин Ԥлиа.
Гал араион ареспубликаҿы ажьынҵәры (голубика-аред.) ааӡара иаҭыԥхадахеит. Ԥлиа иажәақәа рыла, уажәы ажьыргәыц ахьеиҭарҳауа аҵакырақәа рыҽдырҭбаауеит.
Иазԥхьагәаҭоуп аефирхәша аиуразы аевкалиптааӡарҭа ахацыркра, иара убас адаԥаҵлақәа реиҭаҳара.
Иара убас, араион аҿы традициала аџьықәреии арасеи аадрыхуеит ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Ҳара сынтәа 5500 тонна рҟынӡа аџьықәреи ҳауит. Сара араион зегьы атәоуп исҳәо. Араса жә-нызқь тонна инареиҳаны еизгоуп", — иҳәеит Ԥлиа.