Гәынба: Урыстәыла ацхыраарала Аԥсны еиҭашьақәдыргылоит акультуратә хыбрақәеи апаркқәеи
13:56 26.12.2025 (ирҿыцуп: 14:35 26.12.2025)

© Foto / Пресс-центр Нижнего Новгорода
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Урыстәыла ацхыраарала Аԥсны еиҭашьақәдыргылоит акультуратә хыбрақәа, иара убас еиҭадырҿыцуеит Аҟәа аԥшаҳәеи, апаркқәеи, абаҳчақәеи.
"Еиҭашьақәыргылоуп Амилаҭтә сахьатә галереиа, ацәыргақәҵатә зал хада. Аҟәатәи ашьхаҿы аԥсшьарҭа ҭыԥ еиҿкаауп. Аҳҭнықалақь Аҳабла ҿыц аҿы абаҳча маҷ инагӡаны еиҭашьақәыргылоуп, уахь иаҵанакуеит: акоммуникациақәа зегьы рыԥсахра, ахәыҷтәы хәмарырҭа ҿыцқәеи аԥсшьарҭа ҭыԥқәеи реиҿкаара. Арҭ апроектқәа аԥсуа қалақьқәа атуристцәа радыԥхьалара мацара акәӡам изызку, урҭ ҳақалақьуаа есыҽнытәи рыԥсҭазаара еиҳа иманшәаланы, ҳаамҭа иақәшәо, ахархәара аманы аҟаҵароуп", — иҳәеит Гәынба.
Иара иажәақәа рыла, сынтәа миллиард мааҭ инареиҳаны амҩақәеи ашҭақәеи ринфраструктура, аҵакырақәа реиҿкаара иазырхан.