https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/14572
Аԥсны АҩА рминистрра рулафахәы аиҭаҳасабркра мҩаԥгахоит
Аԥсны АҩА рминистрра рулафахәы аиҭаҳасабркра мҩаԥгахоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа руалафахәы аицфинансыркразы Урыстәылеи ареспубликеи реиқәшаҳаҭра Жәлар Реизара... 26.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-26T16:06+0300
2025-12-26T16:06+0300
2025-12-26T16:30+0300
sputnik аԥсны
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/13/1049883396_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_88dc45fad782221026202b691cc2a354.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа руалафахәы аицфинансыркразы Урыстәылеи ареспубликеи реиқәшаҳаҭра Жәлар Реизара ишьақәнырӷәӷәеит.Ари адокумент анапы аҵаҩын 2020 шықәсазы, 2014 шықәсазтәи Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аидгылареи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра инацҵаны. Ариашарақәа иазгәарҭоит аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәеи АҩАР аграждантә усзуҩцәеи рулафахәы аиҭаҳасабркра иҳәеит Апарламент аҿы ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба. Иазԥхьагәаҭоуп 2025 шықәсазы уи 30% рыла ашьҭыхра, 2026 шықәсазы — 22%, 2028 шықәсазы — аҽа 16%. Иарбоу аԥкаанҵа анагӡаразы азеиԥш еицҵалыҵ 60 миллион мааҭ иреиҳауп ҳәа азгәеиҭеит Шамба.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/13/1049883396_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_79faa647369f52d1780e8bc57391d241.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсны АҩА рминистрра рулафахәы аиҭаҳасабркра мҩаԥгахоит
16:06 26.12.2025 (ирҿыцуп: 16:30 26.12.2025) АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа руалафахәы аицфинансыркразы Урыстәылеи ареспубликеи реиқәшаҳаҭра Жәлар Реизара ишьақәнырӷәӷәеит.
Ари адокумент анапы аҵаҩын 2020 шықәсазы, 2014 шықәсазтәи Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аидгылареи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра инацҵаны.
Ариашарақәа иазгәарҭоит аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәеи АҩАР аграждантә усзуҩцәеи рулафахәы аиҭаҳасабркра иҳәеит Апарламент аҿы ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба.
Иазԥхьагәаҭоуп 2025 шықәсазы уи 30% рыла ашьҭыхра, 2026 шықәсазы — 22%, 2028 шықәсазы — аҽа 16%.
Иарбоу аԥкаанҵа анагӡаразы азеиԥш еицҵалыҵ 60 миллион мааҭ иреиҳауп ҳәа азгәеиҭеит Шамба.