Цандрыԥшь алхырҭатә ҭыԥ ақәларазы ашьауӷа заанаҵтәи аусҭҵаара хыркәшоуп
16:52 29.12.2025 (ирҿыцуп: 11:47 30.12.2025)

CC0 / /
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Цандрыԥшь алхырҭатә ҭыԥ ақәларазы ашьауӷа заанаҵтәи аусҭҵаара хыркәшоуп ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.
Уи ҟалеит ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аан, 2025 шықәса хәажәкыра 1 азы.
Заанаҵы еибыҳәаны, гәыԥҩык ауаа ихысуа абџьар ахархәарала алхратә комиссиа аусура раԥырхагахара, закәаншьаҭада абџьари анаркотикқәеи реикәыршара, алхырҭатә ҭыԥ аҿы амилициа аусзуҩцәеи иара убри амш азы агәаҭаратә ҭыҧ "Мысра" аусзуҩцәеи СОБР аусзуҩцәеи рганахь ала амч ахархәареи рзы ахарадҵаратә лкаа ҟаҵо аӡбарҭахь инашьҭуп.
Ахара рыдырҵоит: Р.В. Ӷәазаа, Б.Б. Ԥачлиа, Т. А. Ԥачлиа, А. Х. Ԥачлиа, А. Ф. Мқанба, Н. В. Смыр, А. Д. Аҩардан, С. В. Арӡынба, А. А. Шьакаиа, А. М. Ԥачлиа, А. Ҳ. Ҳагба.
Аус алахәылацәа А.М. Ԥачалиа, А. Ҳагба, М. В. Малиа иара убасгьы ахара рыдырҵоит Ингәыштәыла ииз У. Д. Албаков иганахь ала уаҳшьуеит ҳәа иршәара, ажьырныҳәа 11 рзы Приморское ақыҭан абылтәыҭаҭәарҭаҿы иҟалаз амбжьахратә усқәа, заанаҵы еибыҳәаны гәыԥҩык ауаа имҩаԥыргаз закәаншьаҭада абџьар аикәыршара.
Иара убас, А.М. Ԥачлиа Очамчыра араион ААР АԤҞә ахада и.н. иганахьала 2023 шықәса ԥхынҷкәын 25 рзы АГәҬ "Егры" аҿы аԥсҭазааразы ишәарҭам ақәымчра ихы иаирхәеит, изакәанымкәа абџьари аџьаԥҳани реикәыршаразы ахара идырҵоит.
Цандрыԥшь аҳаблан алхырҭатә ҭыԥ ақәлара ҟалеит хәажәкыра 1 азы. Ацәгьоуцәа ахысра ҭарҵеит, абиуллетенқәа зҭаз аурна аадырҳәит. Абналара рҽазышәо АПМ (ДПС) аангыларазы ирзыҟарҵаз адҵа иқәымныҟәакәа апост "Мысра" аусзуҩцәа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ашәарҭара рҭаргылара иазырхоу азакәан иаҿагыло аусқәа мҩаԥыргеит.