00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
13:00
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
30 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Иреиӷьу "Аԥыза қәыԥш": ари ахьӡ ҵакы атәы иаԥсахаз рыҿцәажәараҿы
13:34
26 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Такие обстоятельства
14:04
26 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ҭагалантәи асессиа хыркәшахеит Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба ареспублика адепутатцәеи атәылауааи иааиуа Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит. Ашәба иҳәеит Аԥсназы 2025 шықәса мариамыз ҳәа, иара агәабзиара, ақәҿиарақәа, аихьӡара ҿыцқәа рзеиӷьеишьеит.
Аԥсны Апарламент аҿы адепутатцәа ҭагалантәи асессиа хыркәшауа аӡбаҩцәа ҩыџьа алырхит.Нарҭ Ломиа — Гагратәи аӡбарҭа аӡбаҩс далхуп. 2012 шықәсазы иара Аладатәи Афедералтә университет далгеит "азиндырра" азанааҭ ала. 2015 шықәса раахыс апрокуратура аусбарҭақәа рҿы еиуеиԥшым амаҵурақәа ныҟәигон, 2021 шықәса раахыс Аԥсны Апрокуратура хада аӡбаратә усбарҭа апрокурор еиҳабыс дыҟан.Аида Барцыцԥҳа — Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа аӡбаҩс далхуп. 2006 шықәсазы лара "азиндырра амагистр" ҳәа аҵаратә-ҩаӡара лоуит Москватәи ҳаамҭазтәи агуманитартә академиаҿы, 2006 шықәса раахыс Барцыцԥҳа — Аԥсны адукатцәа Рпалата далахәылан, 2021 шықәса раахыс Апалата аревизиатә комиссиа напхгара алҭоит.
Апарламент ААҬ "Ԥсоу" аҿы аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аусура 2028 шықәса ажьырныҳәа 1 аҟынӡа иацнаҵеит. 2024 шықәса мшаԥымзазы Апарламент аӡбра аднакылеит, уи инақәыршәаны амаҵзура аусзуҩцәа амиграциатә хсаалагақәа аусура иалагаанӡа аҳәаахьчара-аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы аҳәаанырцәуаа ашәҟәы рҭагалара мҩаԥыргалоит. Иазыԥхьагәаҭан уи 2026 шықәса ажьырныҳәа 1 аҟынӡа ишымҩаԥысло .Уи адагьы Амиграциатә маҵзура аусура аҟынтәи алагалақәа ирыцлеит. 2023 шықәсазы абиуџьет иаиуит 93 млн мааҭ, 2024 шықәсазы — 193, 2025 шықәсазы — 200 инареиҳаны.2028 шықәсанахыс амчра аиуеит аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи амиграциатә хсаалага рхархәаразы азакәан.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра хаҭалатәи аилазаара ирӷәӷәоу амаҵуратә усурахь ииаргоит ԥхынҷкәын 31 инаркны ажьырныҳәа 9 рҟынӡа. Амилициаа хыдҵа хаданы ирыдуп – ауаа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ауаажәларратә еиҿкаара аиқәыршәара ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы. Уи азы аус адулоуп аусбарҭа анапаҵаҟа иҟоу аҵакырақәа рхылаԥшра аихшанҵа ҳәа аанацҳауеит аанацҳауеит аусбарҭа
Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭаларазы аекскурсиатә билеҭқәа рыхә шьақәырӷәӷәоуп.Билеҭк ахәԥса 1000 мааҭ ҳәа шьақәнырӷәӷәеит Аминистрцәа реилазаара.Альготақәа змоу рзы абилеҭқәа хәыда-ԥсадоуп. Уи аԥхьа адуцәа рзы абилеҭ 700 мааҭ иаԥсан, Аԥсны атәылауааи ашколхәыҷқәеи рзы — 200 мааҭ ыҟан.
Ажәабжьқәа зегьы
0