00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
31 мин
18:30
30 мин
21:00
31 мин
21:30
30 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
30 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апарламент депутатс иҟаз Адгәыр Ҳаразиа ихарадҵаратә лкаа иаԥхьеит Аԥсны апрокуратура хада

© Sputnik / Акоп КущянГенпрокуратура Абхазии
Генпрокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.12.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29- Sputnik. Жәлар Реизара депутатс иҟаз Адгәыр Ҳаразиа ихарадҵаратә лкаа иаԥхьеит Аԥсны апрокуратура хада иахьа Иреиҳау аӡбарҭа аилатәараҿы.

Апрокуратура хада аӡбаратә усбарҭа аиҳабы Даур Амҷба Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, Адгәыр Ҳаразиа аҳәамҭа ҟаиҵеит Вахтанг Гәаланӡиа ишьра машәырла ишыҟалаз.

Зус рыӡбо ихьчаҩ Асида Арҷелиаԥҳа аҳәамҭа ҟалҵеит, иагьазгәалҭеит Ҳаразиа закәаншьаҭада абџьар аныҟәгареи аҵәахреи ҩ-епизодк рыла ихара шидикылаз. Иара убас, Адгәыр Ҳаразиа мап ацәикит адепутат Кан Кәарҷиа ишьразы аҽазышәара инамаданы игәаанагара аҳәара.

Апарламент ԥыхьатәи адепутат ихаҭа аӡбаратә еилатәараҿы дыҟамызт.

Анаҩстәи аилатәара азгәаҭоуп ажьырныҳәа 22 рзы.

2024 шықәса ԥхынҷкәын 19 рзы Апарламент аҟны иҟалаз ахысрақәа раан дыршьит адепутат Вахтанг Гәаланӡиа, дырхәит адепутат Кан Кәарҷиа. Ацәгьоуразы ахара идырҵоит Адгәыр Ҳаразиа.

Ԥхынҷкәын 21 рзы иара адепутаттә кьымсра ихыхын, 2025 шықәса лаҵара 20 рзы идепутаттә зинмчрақәа заанаҵы иаанкылан.

Иара иганахь ала Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашьаус нашьҭын цәыббра 23 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0