Иԥсҭазаара далҵит урыстәылатәи актиор Андреи Хорошев (Андреи И)
21:39 02.01.2026 (ирҿыцуп: 21:54 02.01.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 2 - Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит урыстәылатәи актиор Андреи Хорошев (Андреи И).
Иара 66 шықәса ихыҵуан.
Андреи Хорошев — асоветтәии урыстәылатәи арежиссиор, актиор, асценарист, ателемҩаԥгаҩы. Иара деицырдыруа дҟалеит афильмқәа "Доктор Живаго", "Боец", "Адмиралъ" рҟны инаигӡоз арольқәа рышьҭахь.
Апрограмма "Аԥшааҩцәа" амҩаԥгаҩс дыҟан, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны иазку адокументалтә фильмқәа ԥшьба ҭыхын, Аԥсуа баарыԥхрақәеи аӡиа Риҵеи ирызку ахәҭақәагьы уахь иналаҵаны.
Андреи Хорошев Аԥсны афильмқәа рҭыхра игәы иҭан — аҳаирплан амаҵзуҩы Надежда Курченко илызку, аҭоурыхтә проектқәа жәпакы, уи адагьы, иара иҭахын атәылаҿы акинои ателехәаԥшреи рышкол аартра.
Хорошев изныкымкәа арадио Sputnik аинтервиу аиҭахьан.