Асду 115 шықәса ахыҵит.

Асду 115 шықәса ахыҵит.
Ажьырныҳәа 3 ауха 1911 шықәсазы Аԥсны асоура илалаган, маҷ-саҷк иаахкәон умҳәозар, инеиԥынкыланы ҩажәамш алеира иаҿын. Аҵыхәтәан аԥшагьы аҵалеит. Иара аазгаз ациклон еиҳарак агаҿахь ауп иахькшаз. Аԥсабарагьы ауаа рынхарақәагьы ӷәӷәала иҭанасит. Ахәҷы-аду рыҩны издәылымҵуа асы иҭанакны иаман. Арахь ахьҭагьы ҟалеит: -10-12 градус рҟынӡа иҵаауан. Ауаҩ ишәара ишьҭаз асы аграпарақәа алданы акәын ишеиҭанеиааиуаз.
Асду зыблала избаз рыԥсы ахьынӡаҭаз ирхамшҭуаз хҭысын, "асду еиԥш еснагь игәалашәоит", "асду еиԥш ихашҭуам" ҳәа афразеологизмқәа ҿиеит. Адгьыл иқәу рхаан уи аҩыза ҟамлацызт рҳәон. Уи моу ашықәсԥхьаӡара иара иаршәаны имҩаԥыргон: "асду анлеи абасҟак схыҵуан, абранӡа сҩеиуан" ҳәа.
Асду ҩынҩажәамш ишьҭан, ихҵаалеит, еиқәысит. Ақалақьқәа рҿы амҿы рымҵәеит, ақыҭақәа рҿы арахә рӷыҵгара абжьааԥны аасҭагьы иуадаҩхеит. Уи аӡын амлакреи ахьҭакреи ацын. Аха ус шакәугьы, ажәлар ргәалашәараҿы идырга бзианы инхеит: ашкәакәара, ацқьара иатәны. Абри атәы азгәарҭоит аԥсуа фольклористцәеи аетнологцәеи, иахьагьы иџьоушьартә иҟоуп.