Ақалақьтә скульптура "Аншьа Лиовик аԥсыӡ хәыҷ иманы" Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы ирӷьычит
15:30 03.01.2026 (ирҿыцуп: 17:23 03.01.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 3 - Sputnik. Ақалақьтә скульптура "Аншьа Лиовик аԥсыӡ хәыҷ иманы" Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы ирӷьычит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аскульптура автор Архип Лабахәуа.
Аӷьычра шыҟалаз атәы еилкаахеит асабша, ажьырныҳәа 3 рзы. Лабахәуа иажәақәа рыла, аҳҭнықалақь анапхгара иҟалаз рдыруеит.
"Зегьы ргәы иалсит иҟалаз. Ҳашьҭалоит, иҳаԥшаауеит рҳәеит. Абас акы анԥырҽуа, ианырго, нас иахьхәны џьара ианкарыжьуа ыҟоуп, издыруада, џьара инкадыршәыр", — иҳәеит Лабахәуа.
Аскульптор азинхьчаратә усбарҭақәа рахь адҵаалара игәы иҭоуп. Иара иажәақәа рыла, аскульптура "Аншьа Лиовик" ҿыц иаԥуҵар ҟалоит, аха уи азы афинансқәеи аамҭеи аҭахуп.