Шәача адгьылҵысра ҟалеит
13:56 04.01.2026 (ирҿыцуп: 15:35 04.01.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
Шәача адгьылҵысра ҟалеит ҳәа иҳәеит ақалақь ахада Андреи Прошунин.
"Иахьа асааҭ 13:00 рзеиԥш Лазаревск араион ауааԥсыра адгьылҵысра рнырит", — ҳәа икьыԥхьит иара ихатәы Telegram-канал аҿы.
Иара иажәақәа рыла, Магрии Лоои ауааԥсыра рҟнытәгьы адырра ҟалеит адгьылҵысразы.
Адгьылҵысра иахҟьаны аӡәгьы ааха имоуӡеит, аԥхасҭагьы ҟамлаӡеит. Аҵысрақәа рымҽхак аилкаараз аусурақәа цоит.
