https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/14767
Бзыԥҭа хаҭалатәи ахыҵакырҭаҿы иҟоу аҩнатә ԥстәқәа аԥшәымада иаанхеит
Бзыԥҭа хаҭалатәи ахыҵакырҭаҿы иҟоу аҩнатә ԥстәқәа аԥшәымада иаанхеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Бзыԥҭа хаҭалатәи ахыҵакырҭаҿы иҟоу аҩнатә ԥстәқәа 40 инареиҳаны имлаганы иԥсхьан. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит... 05.01.2026, Sputnik Аҧсны
2026-01-05T17:32+0300
2026-01-05T17:32+0300
2026-01-05T21:25+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102667/73/1026677372_0:52:1000:615_1920x0_80_0_0_0e54176fa17a6a20e7ed7d5dbe5c7c34.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Бзыԥҭа хаҭалатәи ахыҵакырҭаҿы иҟоу аҩнатә ԥстәқәа 40 инареиҳаны имлаганы иԥсхьан. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ахатәгәаԥхарауаҩ Асҭанда Шугенԥҳа.Лара иазгәалҭеит, ари ахыҵакырҭа шықәсқәак раԥхьа ишааиртыз Аԥсны аргылараҿы аус зуаз Ҭырқәтәыла атәылауаҩ. Шықәсыбжак аԥхьа иара иԥсадгьыл ахь дхынҳәыр акәхеит. Уи нахыс иӡбахә ҳәа акгьы шырзымдыруа.Авалантиор лажәақәа рыла, ари ахыҵакырҭа ахьыҟоу адгьыл аԥшәмацәа аҭыԥ ҭадырцәырцаз адҵа ҟарҵоит."Аҭагылазаашьа даара иуадаҩуп. Аԥстәқәа ахьыргаша ҭыԥ ыҟам, урҭ рызхара рҿаҵара уадаҩуп, ахарџьгьы цәгьоуп. Ахатәгәаԥхарауаа ацхыраара рҽазыршәоит, аха ҳамчқәа азхом. Ацхыраара ҳҭахуп", — лҳәеит лара.Шугенԥҳа агәҭынчымра аалыррԥшит, избан акәзар хара имгакәа афатә азы рԥара нҵәоит. Лара лгәаанагарла, аԥстәқәа ааигәа иҟоу аҭыԥқәа рахь ииагатәуп, мамзаргьы иоушьҭтәуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102667/73/1026677372_56:0:945:667_1920x0_80_0_0_4c13dd200e3835c3c28b84e545494ec2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Бзыԥҭа хаҭалатәи ахыҵакырҭаҿы иҟоу аҩнатә ԥстәқәа 40 инареиҳаны имлаганы иԥсхьан. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ахатәгәаԥхарауаҩ Асҭанда Шугенԥҳа.
Лара иазгәалҭеит, ари ахыҵакырҭа шықәсқәак раԥхьа ишааиртыз Аԥсны аргылараҿы аус зуаз Ҭырқәтәыла атәылауаҩ. Шықәсыбжак аԥхьа иара иԥсадгьыл ахь дхынҳәыр акәхеит. Уи нахыс иӡбахә ҳәа акгьы шырзымдыруа.
"Иара аԥшәымада иҟаз алақәеи ацыгәқәеи идикылеит. Урҭ рыҭрақәа рзыҟаиҵеит, ирхылаԥшышаз аԥҳәыскгьы аусура далаиргеит. Мызкы 70 000 мааҭ лзишәон. Ахаҵа дыбжьаӡит. Аԥҳәыс уалафахәыда данаанха дцеит", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Авалантиор лажәақәа рыла, ари ахыҵакырҭа ахьыҟоу адгьыл аԥшәмацәа аҭыԥ ҭадырцәырцаз адҵа ҟарҵоит.
"Аҭагылазаашьа даара иуадаҩуп. Аԥстәқәа ахьыргаша ҭыԥ ыҟам, урҭ рызхара рҿаҵара уадаҩуп, ахарџьгьы цәгьоуп. Ахатәгәаԥхарауаа ацхыраара рҽазыршәоит, аха ҳамчқәа азхом. Ацхыраара ҳҭахуп", — лҳәеит лара.
Шугенԥҳа агәҭынчымра аалыррԥшит, избан акәзар хара имгакәа афатә азы рԥара нҵәоит. Лара лгәаанагарла, аԥстәқәа ааигәа иҟоу аҭыԥқәа рахь ииагатәуп, мамзаргьы иоушьҭтәуп.