Афестиваль "Амандарин" аҳәаақәа иҭагӡаны афуд-корт аатит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы
12:37 06.01.2026 (ирҿыцуп: 13:01 06.01.2026)

Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Афестиваль "Амандарин" аҳәаақәа иҭагӡаны афуд-корт аатит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы.
Афестиваль асасцәа рзы ацә аҵәы иахаҵаны аӡра иаҿуп. Аҭыԥантәи аҩыҟаҵаҩцәа рыҩқәа агьама ддырбоит.
Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ Светлана Габуниаԥҳа лажәақәа рыла, иаарласны ҩ – метрак иҟоу "ачашә" аагахоит.
"Уажәы афестиваль агастрономиатә хәҭа мҩаԥысуеит. Иаарласынгьы арахь иаагахоит ҩ-метрак иҟоу ачашә. Уи ақьафурҭа "Нарҭаа" аҟынтәи Аԥсны асасцәеи ауааԥсыреи рзы ҳамҭоуп", — лҳәеит Габуниаԥҳа.
Иахьа иазгәаҭоуп еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа. Асааҭ 11: 00 рзы Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы иаатуеит афуд-корт. Асааҭ 12: 00 рзы Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратә программа хацыркхоит. Иара уа асааҭ 14:00 рзы афестиваль официалла иаартхоит.
Асааҭ 16:00 рзы аԥсуа-адыга гәыԥ акәашаратә хәмаррақәа еиҿыркаауеит, асааҭ 18: 00 рзы — афаер-шоу.