https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/14791
Андреи Хорошев наӡаӡа абзиараз ҳәа иарҳәеит Аԥсны
Андреи Хорошев наӡаӡа абзиараз ҳәа иарҳәеит Аԥсны
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Андреи Хорошев наӡаӡа абзиараз ҳәа иарҳәеит Аԥсны, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан... 06.01.2026, Sputnik Аҧсны
2026-01-06T22:43+0300
2026-01-06T22:43+0300
2026-01-06T23:06+0300
sputnik аԥсны
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/01/06/1060253158_19:0:1034:571_1920x0_80_0_0_7bff5b64eba740f1baffa105dea823fc.png
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Андреи Хорошев наӡаӡа абзиараз ҳәа иарҳәеит Аԥсны, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.Аԥсы ихаԥхьара мҩаԥган Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭан иҟоу Михаиловтәи аԥсыжырҭаҿы Иҳақәиҭу Иеиҭакратә Аныхабааҿы, уи ашьҭахь алахьеиқәратә митинг мҩаԥган.Хорошев иԥсыжрахь иԥҳа, иҩызцәа, иҭынхацәа ааит, иара убас Аԥсны ажурналистцәа рхеилак алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа, ауаажәларра.Руслан Ҳашыг иеизаз ирзеиҭеиҳәеит, Хорошев аҵыхәтәантәи иинтервиуқәа руак аҿы ишиҳәаз наӡаӡа Аԥсны даанхарц шиҭаху.Актиор Андреи Хорошев 67 шықәса дшырҭагылаз дҭахеит Аԥсны, ауаҩы дшеиқәирхоз. Андреи Хорошев — асоветтәии урыстәылатәи арежиссиор, актиор, асценарист, ателемҩаԥгаҩы. Иара деицырдыруа дҟалеит афильмқәа "Доктор Живаго", "Боец", "Адмиралъ" рҟны инаигӡоз арольқәа рышьҭахь.Иара акыраамҭа Иакутиа дынхон, аха аҵыхәтәантәи шықәсыки бжаки Аԥсны дынхон, аус иуан. Апрограмма "Аԥшааҩцәа" амҩаԥгаҩс дыҟан, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны иазку адокументалтә фильмқәа ԥшьба ҭыхын, Аԥсуа баарыԥхрақәеи аӡиа Риҵеи ирызку ахәҭақәагьы уахь иналаҵаны.Хорошев Аԥсны афильмқәа рҭыхра игәы иҭан — аҳаирплан амаҵзуҩы Надежда Курченко илызку, аҭоурыхтә проектқәа жәпакы, уи адагьы, иара иҭахын атәылаҿы акинои ателехәаԥшреи рышкол аартра.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/01/06/1060253158_146:0:907:571_1920x0_80_0_0_b08ca516c23822864f34e3195f11d1aa.pngSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Андреи Хорошев наӡаӡа абзиараз ҳәа иарҳәеит Аԥсны, абри атәы Sputnik
иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.
Аԥсы ихаԥхьара мҩаԥган Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭан иҟоу Михаиловтәи аԥсыжырҭаҿы Иҳақәиҭу Иеиҭакратә Аныхабааҿы, уи ашьҭахь алахьеиқәратә митинг мҩаԥган.
Хорошев иԥсыжрахь иԥҳа, иҩызцәа, иҭынхацәа ааит, иара убас Аԥсны ажурналистцәа рхеилак алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа, ауаажәларра.
Руслан Ҳашыг иеизаз ирзеиҭеиҳәеит, Хорошев аҵыхәтәантәи иинтервиуқәа руак аҿы ишиҳәаз наӡаӡа Аԥсны даанхарц шиҭаху.
"Ҳара иахьа уи иажәа наҳагӡоит", — иҳәеит Ҳашыг алахьеиқәҵаратә митинг аҿы.
Актиор Андреи Хорошев 67 шықәса дшырҭагылаз
дҭахеит Аԥсны, ауаҩы дшеиқәирхоз.
Андреи Хорошев — асоветтәии урыстәылатәи арежиссиор, актиор, асценарист, ателемҩаԥгаҩы. Иара деицырдыруа дҟалеит афильмқәа "Доктор Живаго", "Боец", "Адмиралъ" рҟны инаигӡоз арольқәа рышьҭахь.
Иара акыраамҭа Иакутиа дынхон, аха аҵыхәтәантәи шықәсыки бжаки Аԥсны дынхон, аус иуан. Апрограмма "Аԥшааҩцәа" амҩаԥгаҩс дыҟан, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны иазку адокументалтә фильмқәа ԥшьба ҭыхын, Аԥсуа баарыԥхрақәеи аӡиа Риҵеи ирызку ахәҭақәагьы уахь иналаҵаны.
Хорошев Аԥсны афильмқәа
рҭыхра игәы иҭан — аҳаирплан амаҵзуҩы Надежда Курченко илызку, аҭоурыхтә проектқәа жәпакы, уи адагьы, иара иҭахын атәылаҿы акинои ателехәаԥшреи рышкол аартра.