00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
31 мин
08:30
31 мин
13:00
31 мин
13:30
31 мин
18:00
31 мин
18:30
30 мин
21:00
31 мин
21:30
30 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Бжьынтәы ишәаны знык иԥҟа": ахыԥхьаӡара азырбо жәаԥҟақәак

CC0 / Pixabay / sabinevanerp / Руки пожилой женщины
Руки пожилой женщины - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.01.2026
Анапаҵаҩра
Ахыԥхьаӡара азырбо ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи ҳзеидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ажәаԥҟақәа зшәагаа маҷу, аха акыр абиԥарақәа рԥышәа зцәа иҭаӡоу жанруп. Аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәа қәрала рҭәымҭа ишҭысхьоугьы, иахьатәи аамҭазы иаԥҵазшәоуп ишыҟоу. Актуалра рыҵоуп, иҵаулоуп, ауаҩы хара дзырхәыцша рацәаӡаны ирҭоит. Дара ирылоуп бла иамбо амч, иҷыдоу аҟәышра, урызхәыцыр амҩа иаша уқәырҵоит.

Ахыԥхьаӡара азырбо ажәаԥҟақәа

Ажәаԥҟақәа реилазаара ҭбааҭыцә уанагәылаԥшлак, улаԥш иҵамшәар залшом ахыԥхьаӡара азырбо ажәаԥҟақәа рхыԥхьаӡара шырацәо. Хшыҩзышьҭра раҳҭап урҭ:
Жәаба ануҳәалак, жәеиза уҳәароуп. Зхы укыз аус ԥкаауа умцар, аҵыхәанӡа иузынагӡом. Акы бжьажьны егьырахь уиасыр иҽеихом.
Лабак зҟьо, ҩ-лабак иқәшәоит. Ацәгьара зуа, аиакәым зҳәо ԥхьаҟа иаргьы абзиара иԥеиԥшхом. Иаагоу ажәаԥҟа иасинонимуп "Ацәгьа зуа абжа изацуп".
"Ҽнак аҳра зауз – шәҩык рхы хисеит". Изықәнагам, ҽнак иадамхаргьы аиҳабра аниоу, инапаҵаҟа иҟоу ажәлар ацәгьара иақәиршәоит.
Хшыҩк аҵкыс ҩ-хшыҩк ҳәа (хык аҵкыс ҩ-хык ҳәа). Аӡәы ихала ииӡбо аҵкыс, ҩыџьа-хҩы еидтәаланы, рыхшыҩ еилаҵаны, цқьа иазхәыцны ирыӡбо еиҳа еиӷьуп.
Акы згыз игыз идыруан, шәкы згыз игыз издыруамызт. Аԥсҭазаараҿы имаҷны агха зыхьуа ихы идыруеит, игу-ибзоу еиҳа еиликаауеит, агха рацәаны иҟазҵо иаасҭа.
Грецкий орех  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2021
"Еиҭоумҳаз аҵла аԥҟара мариоуп": абжьгара-лабжьаратә ҵакы змоу ажәаԥҟақәа
Аҳ узықәиргәыӷыз хышықәса уазыԥшыз. Иуаҳҭоит, иузыҟаҳҵоит ҳәа узықәдыргәыӷуаз кыр азыԥшра шуқәшәо (мамзаргьы зынӡаск ишузыҟарымҵо, ишурымҭо) азгәаҭо абас рҳәоит.
Ардәына шә-галабак здыруан, аха ахьшь (ахьшьыцба) анысӡывас (схы ианықәс), зегьы схашҭит аҳәеит. Ауаҩы иага идыруазаргьы, иага дҟәышзаргьы, игәыҭҟьагоу ҭагылазаашьак дагәылаԥшыр зегь ихашҭыр алшоит.
Атәылхра ҩ-ҽеимаак аҭахуп. Зны-зынла ак зуҭаз, ак зурԥсахыз имухырц азы изныкымкәа-иҩынтәымкәа уцароуп, аџьабаа убароуп, аамҭа урӡроуп.
Ҵәак шә-ҵәак арбаауеит. Ауаҩы бааԥс, ауаҩы хәымга иҭаацәа, ижәлантә, дызлоу зегьы рцәа ԥиҽуеит, ирԥхашьоит.
Ҭакәажәык бжь-цуҭак лгәырҩон (хьаас илыман), лара уаҩы дигәалашәомызт. Зегьы ирыхӡыӡаауа, ирыцхраауа, хьаас, гәырҩас измоу иара ианихаҵгылатәу ианизхьамԥшлак абас рҳәоит.
Хык уаԥшны шә-хык ҳәа (шаҭа). Аӡәы уиацәҳашазаргьы, дургәаашазаргьы иара имацара уизымхәыцроуп, иуа-иҭынха, иҩыза-иқәла раҳаҭыр убароуп.
Открытие фестиваля  кузнецов  Аихамца - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2025
Аԥсны
"Аџыр ԥыршәоит амцаҿы, аҩызара – ацәгьараҿы": аҩыза дазырбо ажәаԥҟақәа
Адагәа изы ҩынтә адаул иасӡом. Знык измаҳаз (ма изаҳарц зҭахымхаз), ишәҳәаз еиҭашәҳәа ҳәа аниҳәалак, аҭак ирҭарц шырҭахым ирдыруа, абас рҳәоит.
Шәҩык урзыӡырҩ, аӡәы иҳәатәы хаҵа. Ауаа урзыӡырҩ, урҭ ргәаанагара уазхәыц, аха уара иухәо, уара иузеиӷьу зҳәо еилкааны ииҳәо уқәныҟәа.
Ҩ-жьак ирышьҭалаз, акгьы изкуам. Ҩ-уск нап рылаукыр, уеицрылагар акгьы ишахәҭоу иузынагӡом. Уи аасҭа еиӷьуп уусқәа еиԥкаауа уааилар. Аурыс жәаԥҟа "За двумя зайцами погонишься -никого не поймаешь" иашьашәалоуп.
Алашә ииҭаху ҩ-блакы. Ауаҩы ииҭаху, дзызхьуа, игәы ззыҳәо аус узыҟасҵоит, ма иузыҟасҵеит ҳәа иауҳәар, абас иҳәоит.
Џьмацәак ҩ-ҳаҭак узалхуам. Ауаҩы иумоу еиҳаны исыҭ ҳәа аниарҳәо, ма иулшо аҵкьыс ҟаҵа ҳәа анидырҵо, абас рҳәоит.
Бжьынтәы ишәаны знык иԥҟа; Бжьынтәы уазхәыцны, знык иӡба. Иарбанзаалак узлаго аус зны цқьа уазхәыцны, ишәа-иза напы ауркыроуп. Аԥсшәаҿы аԥшәмара аанызкылахьоу, хыхь иарбоу ажәаԥҟақәа иаарыдҩылоит аурыс жәаԥҟа "Семь раз отмерь, один раз отрежь".
Ҩырк еибашьуан, Ҳабыџь дцәаӷәон: ахатәы хьыӡқәа ирыдҳәалоу ажәаԥҟақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2020
Ар еибашьуан, Ҳабыџь дцәаӷәон: ахатәы хьыӡқәа ирыдҳәалоу ажәаԥҟақәа
Ҩыџьа ахабжьцәа ахҳәа еимакны еисуан. Ауаа ирҭахым, акгьы ирмыхәо акы анеимаркуа, абас рарҳәоит. (Азгәаҭа: "ахабжь" - плешивый).
Мышныҟәа ахьуҭаху, хымш умҩаныфа шьҭых. Агәҽанызаара еснагь ибзиоуп. Амҩа уанықәло ибзианы уҽеиқәуршәароуп. Иҟалоит уусқәа зегьы уара ишуҭаху, уара ушрызхәыцуа иҟамлар. Иаҿурԥшыр алшоит аурыс ажәаԥҟа "Едешь на день, хлеба бери на неделю".
Ҩырк еибашьуан, Ҳабыџь дцәаӷәон. Ажәлар агәаҟра анрымоу, ашәарҭара ианҭагылоу аамҭазы, акгьы гәхьаас имкыкәа зхатә усқәа ирҿу абас изырҳәоит.
Ҩыџьа ақаԥданцәа рыӷба ӡааҟәрылеит. Аҩнаҭаҿоума, аусураҿоума иззыӡырҩуа, зҳәатәы иқәныҟәо аӡә дрымазароуп. Аха аиҳабацәа анырацәахалак, аус ԥхьаҟа изцаӡом.
Мышкы иахыԥо шәымш иахыԥоит. Иахьа иҟауҵаша аус уаҵәахьы иахугар, ихьшәахоит, мамзаргьы зынӡа иузыҟамҵар ҟалоит. Даҽакала иуҳәозар, зегьы ианраамҭоу иҟаҵатәуп.
Астатиа азырхиараҿы ахархәара азун В. Касланӡиа, Џь. Миқаиа еиқәдыршәаз "Аԥсуа жәаԥҟақәа реилыркааратә жәар".
Ажәабжьқәа зегьы
0