https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/14879
Метрак аҟынӡа асы алеира иазԥшуп Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы иааиуа амшқәа рзы
Метрак аҟынӡа асы алеира иазԥшуп Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы иааиуа амшқәа рзы
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 — Sputnik. Метрак аҟынӡа асы алеира иазԥшуп Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы иааиуа уахыки-ҽнаки рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апарк абнахылаԥшҩы... 13.01.2026, Sputnik Аҧсны
2026-01-13T15:21+0300
2026-01-13T15:21+0300
2026-01-13T15:46+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/10/1053809834_0:438:719:842_1920x0_80_0_0_184f814dc3db9cddd25c6abac8b294ae.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 — Sputnik. Метрак аҟынӡа асы алеира иазԥшуп Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы иааиуа уахыки-ҽнаки рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апарк абнахылаԥшҩы хада Ҭенгиз Џьергениа."Асоура аҽарӷәӷәеит иаха асааҭ акахьы инеихьан еиԥш. 35 сантиметра рҟынӡа асы леихьеит аӡиа иахьаҵанакуа. Аҳауагәаҭаҩцәа излаарыцҳауа ала, уахыки - ҽнаки асы аулоит, аҿыгҳара метрак аҟынӡа инаӡар алшоит ҳәа ҳазыԥшуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.Џьергениа иажәақәа рыла, аӡиахь амҩа аркӡам, аха агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿы амашьынақәа аӡынтәи арезина рыҵоу ирыҵаму гәарҭоит. Машьынақәак шьҭахьҟа идыргьежьит. Асрыцқьага атехника ажьырныҳәа 13 ауха инаркны еиԥҟьарада аус ауеит, аха иахьа ахәылбыҽха аусуҩцәа аурышьҭуеит Ажьырныҳәа рҭаацәеи дареи иеицазгәарҭарц азы. Урҭ ҩаԥхьа асы ақәгара иалагоит ажьырныҳәа 14 ашьыжь. Абнахылаԥшҩы хада иара убасгьы иҳәеит ажьырныҳәамзазы ас еиԥш асоура ӷәӷәақәа ари аҭыԥ азы ишҟазшьарбагам. Абжьааԥны усеиԥш ҟалалон жәабранмзазы.Аӡиа Риҵа макьана ихымҵаалацт, аха асы ихнаҩахьеит. Ҵыԥх жәабранмзазы ауп аӡиа зегь анҵааз.
https://sputnik-abkhazia.info/20260112/1060337580.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/10/1053809834_0:371:719:910_1920x0_80_0_0_b231af542fa53dc5b8659db1894e3ccb.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Метрак аҟынӡа асы алеира иазԥшуп Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы иааиуа амшқәа рзы
15:21 13.01.2026 (ирҿыцуп: 15:46 13.01.2026) АҞӘА, ажьырныҳәа 13 — Sputnik. Метрак аҟынӡа асы алеира иазԥшуп Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы иааиуа уахыки-ҽнаки рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апарк абнахылаԥшҩы хада Ҭенгиз Џьергениа.
"Асоура аҽарӷәӷәеит иаха асааҭ акахьы инеихьан еиԥш. 35 сантиметра рҟынӡа асы леихьеит аӡиа иахьаҵанакуа. Аҳауагәаҭаҩцәа излаарыцҳауа ала, уахыки - ҽнаки асы аулоит, аҿыгҳара метрак аҟынӡа инаӡар алшоит ҳәа ҳазыԥшуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Џьергениа иажәақәа рыла, аӡиахь амҩа аркӡам, аха агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿы амашьынақәа аӡынтәи арезина рыҵоу ирыҵаму гәарҭоит. Машьынақәак шьҭахьҟа идыргьежьит.
Асрыцқьага атехника ажьырныҳәа 13 ауха инаркны еиԥҟьарада аус ауеит, аха иахьа ахәылбыҽха аусуҩцәа аурышьҭуеит
Ажьырныҳәа рҭаацәеи дареи иеицазгәарҭарц азы. Урҭ ҩаԥхьа асы ақәгара иалагоит ажьырныҳәа 14 ашьыжь.
Абнахылаԥшҩы хада иара убасгьы иҳәеит ажьырныҳәамзазы ас еиԥш асоура ӷәӷәақәа ари аҭыԥ азы ишҟазшьарбагам. Абжьааԥны усеиԥш ҟалалон жәабранмзазы.
Аӡиа Риҵа макьана ихымҵаалацт, аха асы ихнаҩахьеит. Ҵыԥх жәабранмзазы ауп аӡиа зегь анҵааз.